TGTGInsighttelegram intelligenceLIVE / telegram public index
Post content
Post content
Аиҩызара пату ззақәыз, ажурналистика зыԥсҭазаараз, ламысла зыуаажәлар рымаҵ зуаз, ахӡыргара иашьҭамыз Даур Ганта-иԥа Инаԥшьба иахьа 65 шықәса ихыҵуазаарын. Аҵыхәтәантәи 31 шықәса имш иира азгәеиҭаӡомызт Марттәи ажәылара изыннажьыз ахьаа игәаларшәауа. Мҽышала Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ҳаиқәшәарақәа сгәалашәарақәа ирыцзаауеит. Ҳқәыԥшра аамҭазтәи архивтә сахьа бзиак сеигәырӷьаны искьыԥхьуеит иахьатәи умш иира аҳаҭыр азы.