TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1012

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры689Количество просмотров
Опубликован19 нояб.19.11.2023, 14:37
Содержимое поста

Содержимое

Ажәеи ажәеи еихҳәалауа "Иԥсараха, иԥсҭараха ашьхақәа рыгәҭа иҭажьуп N ақыҭа. Есышықәса ааба-ааба мзы ашьхақәа аҳәааха, асыԥса амаҟаха, адунеи иаҟәырԥа, тәым ҵыс амырба, ибахҭаха ишьҭоуп иара". Абас иблахкыганы асахьа ҭихуеит М. Аҳашба иажәабжь аҿы ахҭысқәа ахьымҩаԥысуа, аурысшәақәа ахьымнеицыз ашьха қыҭа. "Ҳаи дад, аписар..." аԥсуа литератураҿы ицәырҵыз аҩбатәи ажәабжьуп, асовет аԥсуа литератураҿы - актәи. Д. Гәлиа "Атәым жәҩан аҵаҟа" иҩит 1918 шықәсазы, абри нахыс ицқьаны жәашықәса ааҵхьаноуп акьыԥхь анабаз ҳазлацәажәо аҩымҭа. Уи инашьҭарххны Аҳашба иҵегь иаԥҵамҭақәа алашара рбеит, хара имгакәа Самсон Ҷанбеи, Иван Папасқьыри, Ӡаӡ Дарсалиеи аепикатә жанр иаҵагылеит. Аха жәашықәса дуӡӡа ашәра иаҿын, ҩаԥхьа амч еизнагон хықәкыла ажәабжь ажанр. Дырмит Гәлиагьы шаҟа илуршози, арҵаҩра, арккара, аҭоурыхҭҵаара, атеатр, акьыԥхь - зегьы рхыҵхырҭаҿы игылаз, еицызбоз ауаҩы. Аԥсуа литература "агара илҵны" избандаз зиҳәозгьы уи акәын, иагьибеит. Нас, абарҭ ажәабжьқәа раамҭа цеит, иахьатәи ашколхәыҷ изы иуадаҩуп, иаҭахым ҳәа анырҳәало ыҟоуп. Шьаҭанкыла ҳзықәшаҳаҭым гәаанагароуп. Акласстә еиҟарамра, ма аколнхарақәа реиҿкаашьа акәым ара ихадароу - ҳазхысыз аҭоурых удырҵоит убла ихымҵуа асахьақәа рыла, имырхьаакәа, аамышьҭахь рхықәкы хадагьы нарыгӡоит: ахәыҷы ибызшәатә хәыцшьа арбеиара, иажәаҳәа арҭбаара. Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа зыхә ҳаракхо, ахьырҵәаҵәа ҩымҭақәоуп 1920, 1930-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз: "Акаруал шәақь", "Ауаҩы шас", "Хамыжә уҽдыр", "Ақабла" уҳәа егьырҭ. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа