TGINSIGHT CHAT
Ахьыуардын
@apsua_sputnik
ЛингвистикаАхьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Последние посты
Стр. 1 из 84 · 1,004 постов
Опубликован 25 дней назад
Аԥсуа ҵарауаҩ нага Гьаргь Амҷба диижьҭеи 90 шықәса ҵуеит иахьа. Иналукааша аҭоурыхдырҩы, кавказҭҵааҩ, ахыҵхырҭаҭҵааҩ, аетнолог, аиҭагаҩ, Аԥсуа университет апрофессор. 1958 шықәса инаркны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуан. Аҟәатәи арҵаҩратә институт адекан; ауниверситет аҟны — Аҭоурыхи, аетнологиеи, археологиеи ркафедра деиҳабын. Ҩба-хԥа маҭәар дрыԥхьон (ажәытә ҭоурых, абжьарашәышықәсақәа раамҭа), хазы ахыҵхырҭаҭҵаареи аҭоурыхҭҵаареи рзы аспецкурсқәа мҩаԥигон. Аспирантцәа азыҟаиҵон. Иусумҭақәа хархәара рыҭаны аӡәырҩы ркандидаттә диссретациақәа рыхьчеит. Гьаргь Амҷба аҭҵаарадырраҿы хырхарҭа хадас иалихит заатәи абжьарашәышықәсақәа рҭоурых. Иҭиҵааит, иҩит VI–X ашәышықәсақәа рзы Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа шыҟаз, ажәлар рынхамҩа, ркультура, ридеологиа зеиԥшраз. Уи инаваргыланы иара деиҭагаҩ дуун, абызшәақәа идыруан, Аԥсны иазку ахыҵхырҭақәа иԥшаауан. Аԥсшәахь еиҭеигеит антрополог Сула Бенет лусумҭақәа, румынтәи ашәҟәыҩҩы Виктор Кернбах ишәҟәы, венгриатәи аҭоурыхҭҵааҩ Тарди итәқәа; аурысшәахь еиҭеигеит абжьарашәышықәсазтәи ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа жәпакы. Авторс дызмоу аусумҭақәа 100 инарзынаԥшуеит, амонографиақәа 10 инапы иҵыҵит, қәра дук шнеимгазгьы. Иџьабаа Кавказ аҩнуҵҟа, уи анҭыҵ ахә ҳаракны иршьоит. Аԥсуа университет аҿы иҟоуп ихьӡ зху ауада, иаԥҵоуп ихьӡ зху астипендиа. 2004 шықәсазы алашара абеит Арвелод Кәыпрааи Валери Бигәааи еиқәдыршәаз Гьаргь Амҷба Иусумҭақәа (Аҭоурых. Аетнографиа) аԥсышәала, аҵарауаҩ илагалеи иуаҩышәатә ҟазшьақәеи гәылҭәааны иузырбо. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 25 дней назад
Басла аӡиас иху Ацҳа ҟаԥшь сынтәа 75 шықәса ахыҵуеит. Аҟәа ақалақь аҩ-хәҭак еидызҳәало ари ацҳа ԥшӡа аартын Аиааира ду амш аҽны — маи 9, 1951 шықәсазы. Иахьазы уаҩы иааџьеишьартә акагьы иалаҟамзаргьы, усҟантәи аамҭазы илаламбатәын, ауаа ааны иахәаԥшуан. Иара рчаԥеит аамҭа дук иадымхалакәа, аиҳабыра рыдҵа инақәыршәаны, амашьынақәа рныҟәареи ауааԥсыра реиҭанеиааиреи арманшәаларазы. Ашьаҟауаа рымҩақәа алырдеит, амардуанқәа арҭеит, ацҳа улалбааны ақалақь уалалартә. Аҟәа аԥшаҳәа иангылаз алашарбага шьаҟақәа рҩызцәаҵәҟьа араҟагьы иахадыргылеит. Абагьырқәа ҟаԥшьыла иршәит. Аха "Ацҳа ҟаԥшь" ахьӡ иихьан уи аԥхьагьы. Уи зыхҟьаз ара ихыз ажәытә еихатәы цҳа хәыҷы ауп — уи ашәыга аԥшшәы ахабацыԥхьаӡа ицәыҟаԥшьхон. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага Ацҳа ҟаԥшь аҿы даанкылан аӷа, ара имҩаԥысит раԥхьатәи аидыслара ӷәӷәа, ара иааԥшит аԥсуаа рфырхаҵара. Абра иҟарҵон раԥхьатәи адҵақәа Сергеи Дбар, Владимир Аршба, Гиви Агрба, Мушьни Хәарцкьиа... Ацҳа ҟаԥшь — ҳаамҭазтәи Аҟәа ахаҿра зырԥшӡо, уи аҭоурых иахәҭаку архитектуратә баҟақәа ируакуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 26 дней назад
🎗АИААИРА ДУ АМШ🎗 Ажәлар рыԥсҭазаараҿ иҟоуп мышқәак, Ирхашҭран иалшом урҭ алушәак. Убарҭ иреиуоуп ҩынҩажәи акы, Шьыжьымҭанк аибашьра амца анакы. Уи аҽны данықәла ҳадгьыл аӷа – Ҳанасыԥ ҳазықәгылт ҳарҭ хацәнмырха. Ахьҭацәгьа, асыҭәҳәа, нас аԥшаҩа, Алаӷырӡ, агәаҟра, нас агәырҩа – Иԥышәауа ҳнеиуан, ҳамч еизакын, Аиааира ҳашьҭан, аиааира ҳҭахын. Иҩагылт ашықәс ҩынҩажәи хәба, Иҩагылт амш гәырӷьа – маи мза жәба. Уи аҽны наӡаӡа ҳаӷа дҭахеит, Аиаша аиааит, аиаша иагеит! Иахьа еиԥш шәышықәса цалааит иҭакәкәа, Иахьатәи ҳамш ду ҟалом ихәашьуа! Иахьа еиԥш икаххаа мраны иԥхалашт, Аиааира иамшны наӡаӡа иаанхашт! ✍🏻 Баграт Шьынқәба, 1945 🧧 Шәадныҳәалазааит Маи 9 — Аиааира ду амш! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 26 дней назад
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын Аԥснынтә 55,5 нызқьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны рыҩныҟақәа изымхынҳәит. Уи зеиԥш хыԥхьаӡарақәоуп, аха қыҭала уахәаԥшыр, иҟоуп ицаз реиҳараҩык зыԥхаз аԥсуа қыҭақәа. Убарҭ иреиуоуп Арасаӡыхь. Хәыҷы-дула еиҵаҩҩы иҟаз ари ашьха қыҭа иалҵны афронт ахь ицеит 180-ҩык, рыҩныҟа изымааит 107-ҩык аибашьцәа — ахацәа, аҿар, зшьеи-зыхши еилаҭәоз адауаԥшьқәа. Аԥсыгәырҩа аҵкьыс абзагәырҩа шырҳәо еиԥш, абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи рымацара ирхаанхеит ақыҭа, анхамҩа азҵаарақәа зегьы рҟәаҟәа иқәҳаит. Аҭаҳмадацәа ҳаԥсыр, ҳаржып ҳәы изықәгәыӷуаз рыҵәҩаншьапқәа абџьар кны аибашьра амца иалагылан. Аха аԥсуаа агәкаҳара ҟарымҵеит, аӡә ишьҭахь имгылеит. Аҷкәынцәа хамеигӡарыла азеиԥш ԥсадгьыл рыхьчон, рышьҭахьҟа — хамеигӡарыла акрызуаз ажәлар баагәараны игылан. Ҳрыԥхьап ашәҟәыҩҩы, алитературатә критик Руслан Қапба игәалашәарақәа, аибашьра аналагоз дхәыҷын, ашкол дҭан. Арасаӡыхь, 1941-42 шш.: "Кавказ ашьхақәа рҿы аибашьра анцоз акәын. Адыдбжьы еиԥш акәын зны-зынла Арасаӡыхьынӡагьы ахысбыжьқәа шааҩуаз. Аусҳәарҭа ашҭаҿы игылаз ахәырмаҵла амҵан аизара мҩаԥигон араиком аҟынтә иааз ауаҩы. Уаҟа ашколхәыҷқәагьы ҳаизыргоит. Абри аизараҿы ицәажәаз рацәаҩуп, аха урҭ зегьы ирҳәаз сгәалашәом, амала иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит ицәажәара, ихаҭагьы саԥхьа дгылоушәа збоит Ҭаскәач-иԥа Дигәа Дочиа. Ажәлар даарылҵит зықәрахь инеихьаз, иӡышӡа ишлахьаз, зоура-зыҭбаара наӡааӡаз уи. Еизаз ажәлар рыгәҭа данааи, Дигәа даангылан, иикыз илабашьа аҽыҩҳәа инаирсын, ихаз икәмызцәа хылԥа (уи ӡынгьы-ԥхынгьы иныҟәигон) ааихыхны илабашьа ахы инадикылан, ацәажәара далагеит, ибжьы аҿаца-ҿацаҳәа игоз аусҳәарҭа ашҭа иҭыҵны хара инеиҩуан. — Дад, ҳажәлар, арасаӡыхьаа шәхаҵкы, иааиз ҳасасгьы ииҳәаз шәаҳаит, ҳаԥсадгьыл ду СССР иақәлаз ҳаӷа абарҭ ҳашьхақәа рҟынӡагьы дааӡеит, ишыжәбо, ашәарҭара ҳҭагылоуп. Аха сара агәра нагӡаны изгоит арҭ иԥшьоу ҳашьхақәа уи афашист, ихьӡуи мшәа, Гитлер аума, хәымга дшызхымҵуа, уи руам ҳтәыла ду аҵеицәа абџьар кны иҿагылоу, уи руам дара аҽарҳақәа реиԥш иаҳхагылоу, еснагь ацәгьа ҳацәызыхьчо, зылԥха ҳауша ҳашьхақәа! Ҳара амч ҳарҭоит. Уи агәра згоит сара, Нарҭаа дуқәеи Абрыскьыли рдоуҳа! Иара убас ҳара иҳацхраауеит ҳқыҭа иахчынганы ҳашьхақәа ркалҭ, урҭ ирыҵганы игоу ана-ара ҳхәы ҳаракырақәа рҿы игылоу абаа хыҽҽарақәагьы. Дад, ажәлар, шәхаҵкы, ажәа шәасыршьыр сҭахым, иҟоу аҭагылазаашьа зегьы ижәбоит, ҳара абра инхаз ахахә-мыхәгьы ҳхы ҳаигӡом, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, афронт ҳацхраауеит, иҳаду аказы ҳхьаҵуам. Уимоу, ианаҭахха, абри ижәбо сара ауаҩ бырг, сԥацәа уахь афронтахь ишыҟоугьы, рхабарк шаҳзымдыруагьы, абџьар скуеит, абарҭ ҳашьхақәа зыхьчо аибашьцәа снарывагылоит, насгьы арҭ ҳашьхақәа рцәаҩеи урҭ ирҿыгоу амҩахәасҭақәеи саҟара издыруада! Дад, ҳасас, ҳаиҳабы ухаҵкы, ҳарҭ арасаӡыхьаа ҳҵеицәа зегьы абџьар ркуп, иеибашьуеит, ҳдырԥхашьом, ҳаԥсадгьыл ду зхы ақәызҵахьоугьы маҷыҩӡам, аха ианаҭахха, абра иубо зегьы (ахәыҷқәеи алымшақәеи рыда) абџьар ҳкуеит, ҳақәызхырц иаауа аӷа хәымга ҳаиҿагылоит, — иҳәан илабашьа дҩахан анышә иааҵихын, ихылԥа наихаҵа, днеины иҭыԥ аҿы днатәеит. Араиком аҟынтә иаазгьы, еилақь итәаз ажәларгьы иӡыӷә-ӡыӷәӡа иӡырҩуан. "Уажәымҭа шкәакәахааит, дад, уара иуҳәаз ауп ҳаргьы иаҳҳәауа, ҳгәаанагарақәа акоуп", — ҳәа аӷыу аилдыргеит изыӡырҩуаз зегьы. Анаџьалбеит, заҟа ҵуазеи уи аахыс, ихаҭагьы адунеи иԥсахижьҭеи ашықәсқәа рацәаны ицахьеит, ҳдырԥхашьом ҳәа дызҿыз арасаӡыхьаа рҵеицәа аӡәырҩы реиԥш, изыхнымҳәит Ҭаскәач-иԥа Дигәа Дочиа иԥацәа Кака, Ҭандел. Аха иацы акәушәа исгәалашәоит Аԥсны ахьӡи ахьымӡӷи ԥсҭазаарак еиԥш изыԥхьаӡоз аԥсуа хаҵа ихаҿсахьа". Ахыҵхырҭа: Руслан Қапба. Хәыхәыт Бӷажәба, 2005, ад. 11-12. Асахьаҿы: Арасаӡыхь 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
"…Еснагь иаадыруазар ахәҭоуп збаҩхатәра иахьынӡазнаҭо иагымкәа аус азызуа, знапы иҵыҵуа изылшо агзмырхо, ззанааҭ зыԥсҭазаароу, арҿиара, адоуҳа асолдаҭ, адоуҳа агенералцәа – агеницәа дшырԥҵәахоу…", — Алықьса Гогәуа. Шықәсык уажәаԥхьа аԥсуа сахьаркыратә литература дак алыԥсааит — идунеи иԥсахит Алықьса Гогәуа. "Гогәуа ашәҟәыҩҩы иаҳасабала ҳанизхәыцуа, иааџьаҳшьаратәы жәынгьы ҿангьы иҩышьа астиль абырлаш еиԥш еилаарцыруан. Исҳәарц сылшоит зыхә ҳаракӡоу аимхәыц еиԥш аԥхьаҩ даршанхартә еиҿартәуп ҳәа. Алықьса Ноча-иԥа ари адунеи аҿы иҟазаара хиркәшеит ҵыԥх уажәааны, аха иара ишиҩуаз еиԥш "адоуҳа агенералцәа – агеницәа дшырԥҵәахоу" даанхоит аԥсуа доуҳа адунеи иқәнаҵы…", — абас лыҩуеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. 🖇 Алықьса Гогәуа — Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи Адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩы. #social
Hashtags
Аҭыԥхьӡ Мыцишҭа аԥсуа-абаза бызшәала ицәажәоит, "Мац иашҭа" (поляна Маца). Арахь Аԥсныҟа ирацәоуп "ахатәы хьӡы + ашҭа" ҳәа ишьақәгылоу атопонимқәа, реиҳаракгьы шьхаҭыԥқәоуп изху: • Бабы́шьиашҭа — Амтҟьал аҳаблан, Гәылрыԥшь араион, • Баӷы́риашҭа — ашьхеибаркыра, Гәдоуҭа араион, • Бамбе́и иа́шҭа — ашьхаҭыԥ, Гагра араион, • Кәы́н иа́шҭа — ашьха (2576 м.), Очамчыра араион, • Кәы́џба иа́шҭа — ашьхаҭыԥ (1093 м.), Гәдоуҭа араион. • Арсҭа́а иашҭа — ашьхаҭыԥ, Кәыдры ахахьы, Марыхә иахьаҵанакуа (Аҟәа араион). #атопонимика 🧡Ахьыуардын шәақәтәам
Hashtags
Опубликован 4 мая
Ашәы Нхыҵ, Арҟыз акалҭан иҟоуп Мыцишҭа зыхьӡу ашьха. Уи анаарақәа руак аҿы, иҩаҳаракны, ахраҿҟьара аҟынҵәҟьа ахаҳә иануп аныхачаԥа иеиԥшу Қьырса ихаҿсахьа. Ирҳәоит, ацаҟьа ҽыҭк амҵын ицәырнагеит ҳәа, ақьырсианцәа жәпаҩы агәра ргоит ишнапылаҟаҵарам. Аԥхьа ахра иаҿаланы, ашаха кны инеиуан иара аҟынӡа, иахьа аихатәы мардуан адҟаҵалоуп, аҭааҩцәа амҵәом. Қьырса исахьанҵа рыԥшааит ҳазҭоу азқьышықәса аламҭалазы, 25-30-ҟа шықәса роуп иҵуа уиижьҭеи. Аха иахыҵуазеи ахаҭа? Аҭоурыхҭҵааҩцәа гәаанагарак иазааины иҟам ари азҵаараҿы, ианеиҳау – зқьышықәса ахыҵуеит, ианеиҵоу – 150-200 шықәса. Актәи агәаанагара иашазар, уи ахра аҟынтә улбааԥшны иубо ақьырсиан ныхабаақәа ирықәлоуп – Х ашәышықәсазы Ашәтәылан иргылаз (усҟан "ашәуаа / ашәқәа" ҳәа изҿыз уа инхоз аланцәа ракәын, рықалақь Маас ахьӡын). Арҭ архитектуратә баҟақәа рычаԥашьеи реиҭашьақәыргылара аҷыдарақәеи ҭиҵааит, дахцәажәеит Денис Чачхалиа. Аԥснытәқәа иреиԥшуп, руак зынӡа Лыхнытәи аныхабаа уба, иара уба. Х ашәышықәсазы Ашәтәыла адин алаҵәара мҩаԥысит аԥсҳацәа рыцхыраарала. Аԥсуа аҳра амчи аполитикатә хыԥшеи дуун усҟан, ақьырсианрагьы ӷәӷәала ашьапы аҳахьан, уимоу, ауахәамаҿы аԥсышәала Анцәа иашьапкуа иалагахьан зҳәо ахыҵхырҭа ыҟоуп. Византиатәи аимпериа агәҭантә Кавказҟа аргылаҩцәа шаарышьҭуазгьы, араҵәҟьа — аланцәа рҿы хадаратәла аусқәа ирхылаԥшуаз аԥсуаа ракәын. Аргыларагьы налаҵаны. Аныхабаақәа рыҩныҵҟа зҩычоз аҭыӡсахьақәа еиқәымхаӡеит. Урҭ ҭызхуаз бырзенцәан, аха иҟалон аӡәык-ҩыџьак аԥсуаа рылазар. Убарҭ аамҭақәа рзы ақалақь ааигәа-сигәа, ашьхараҿ, аҳаԥқәа рҿы ана-ара икыдынхон аберцәа, руаӡәк инапы иҭнахзар ауеит ахаҳә иану Қьырса исахьа. Шәышықәсала аԥсабара акәа иҭаҳәҳәаны иаҵәахит. Мҷышь ахы ахьыҵнахуа ашьхаҿгьы иҟоуп убас еиԥш ахра иаласоу ажәытәӡатәи абаа / аберҭыԥ. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 2 мая
Аԥсуара зҽаԥсазтәыз арҵаҩы – абас изырҳәеит Ҷыҷыкәа Хьиба, згәалашәара ҿымцәаауа Баслахәтәи абжьаратә школ адиректор, изызҳауа аҿар рааӡараҿы абаҩхатәра ду злаз. Диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵуеит (1921 - 2000). Ҷыҷыкәа Хьиба рҵаҩцәас иман, дагьгәарҭеит еицырдыруа аԥсуа рккаҩцәа Елызбар Кәабахьиа, Платон Шьаҟрыл, Симон Басариа. Аҟәатәи арҵаҩратә институт далгеит 1941 шықәсазы, Қарҭ арратә ҵараиурҭа 1942 шықәсазы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Санчара акаҵәараҿы ахәра ӷәӷәа иоуит, иҩныҟа дхынҳәит. 1946 инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз Баслахәтәи ашкол аҟны аус иуан аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, 40 шықәса инарзынаԥшуа – директорс. Ахатәы бызшәа азнагара аметодика дацхрааит. Иаԥшьгарала ашкол аҟны анапылаҩыратә журнал ҭыҵуан аԥсшәа агәыбылра ашьҭкаара иазкны. Баслахәтәи ашкол агәараҭаҿы иара ибзоурала ашьаҭа кын зеиԥш ҽаџьара иҟам аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рбаҳча. Аҵлақәа реиҳарак ашәҟәыҩҩцәа рнапала еиҭарҳаз роуп. Ашколхәыҷқәеи дареи ашәҟәқәа рыбжьан, альбом ҭыҵуан, алитературатә еиԥыларақәа мҩаԥысуан. Баслахәтәи ашкол иҿырԥшыгоу қыҭа школны ахьӡ геит, уи иамаз абиблиотека уааилаҳартә ибеиан. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Баслахә ахаҿра еицакит, ашкол аахақәа аиуит. Аха аиааира ашьҭахь мызкгьы мҵыцкәа, излауаз ала ишьақәыргыланы, аҵарашықәс хацыркын. Арҵаҩцәа ҭаацәарак еиԥш еилаҵәаны, хҭак еицҭадыршәуа аилибакаара рыбжьан. Ҷыҷыкәа Хьиба иԥышәеи идырреи рыцеиҩишон иҵагылоз аҿар. 1999 шықәсазы ианаршьеит Аԥсуара зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. 2000 шықәса раахыс Баслахәтәи ашкол иара ихьӡ ахуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 2 мая
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, Ахьӡ-Аԥша аорден I аҩаӡара занашьоу, ҳаибашьцәа аиааирахь изгоз арԥыза ду, апатриот, аԥсыраӡа Сергеи Дбар диижьҭеи иахьа 80 шықәса ҵуеит. Ари ажәеинраала иара ихьӡынҩылоуп. ☑️ҲҴЕИ ЛАША Диит ҳара ҳҵеи лаша Мгәыӡырхәа — Ашәахәақәа ахьы хҭарԥа ахьырӡахуа. Амшын еишьыл ацәқәырҧа згәыҵаххуа — Мгәыӡырхәа, Мгәыӡырхәа, Мгәыӡырхәа. Жәҩан иаҵәаран иашҭа ҳҵеи лаша, Аԥсны зегь иашҭан, уи акәын дзеилашуаз. Иара инапсыргәыҵан ахсаалагьы, Уи адассақәа ихьаан лымкаалагьы. Ҳхьыҧшымра амра хаа анҩыҵхахоз, Аҧардеиқәаҵәа ҳџьынџь ԥшьа аныҵахоз, Ҳаҕа ҳдац-ԥашәқәа аныҵихуаз, Ҭынч ԥшьшьала узтәарызма, Мгәыӡырхәа. Иџьынџьдаз шаҟаҩ аибашьцәа бжьаӡхьоузеи, Иџьынџьдоу ифырхаҵара гьамас иамоузеи… Ажәак иҳәозма аинрал быжь гәаҩала, Иааира ҭынчран ибжьы, аха иҭахомызт гәаҩарак. Уҵеи дауаҧшьқәа гәыдкыл, игәӡы, аха Арԥыс хазынак даҳзуааӡеит, Мгәыӡырхәа, Иҧсы кыдуп Ҳабыҩгьы Цыгәыркагьы, Аԥсны агәыҳәԥы иалақшон урҭ гәырқәаны. Уи дзыԥгылоз ҳхьырҧарцәа ҟасақәа Ирабжьигон ахсаала адассақәа. Ааи, иҭашәагәышьон шьоук рымрагьы, Рлымҳа ишҭаҩуаз Гәымсҭа агәрымрагьы. Аҧсны цон ашьарҩаш агәыҵыҳәҳәа, Уҵеи ахызаҵә даҿалон, Мгәыӡырхәа, Деицнеиуан уи гәылагьы хшыҩлагьы, Дабылуан амцаԥшь ӷәӷәа ашырагьы. Игәы разын, аха иҳәагәышьон: "Аҟәаҟа! Иалцатәуп Аҟәа иалахаз аԥҟақәа. Ҳаԥсадгьыл ақырҭқәа ирымпыҵжәаны, Ҳарҭ Егрынӡа ҳнаӡароуп идацқәа ыҵжәаны". Аибашьра ауӷә хьанҭа даҵалан, Егрынӡа днаӡеит иара хаҵала. Аиааира аныҳәаҿа шьҭихит дкараха, Игәы иақәыӷәӷәон хьаа дук еидараха. Ихәжәеит, нас, игәы аҽгылеиԥшҵәҟьа, Иалашәеит ҳлахьынҵа-мца ахьеилашҵәҟьаз, Зхы зымшаҭоз ҳаҷкәынцәа рхьышьҭрала Дцеит уи анаӡаӡарахь дрышьҭалан. Мчык ыҟоумашь иԥсы лаша зыршаҟьо? Аиааира иҭынхеит аӡәы изымшьаҟьо. Диит ҳара ҳҵеи лаша Мгәыӡырхәа — Ашәахәақәа ахьы хҭарԥа ахьырӡахуа. ✍🏻Рауль Лашәриа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 1 мая
Иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, апрофессор Баџьгәыр Саӷариа диижьҭеи 100-шықәса ҵит иахьа. Хҩахада аҭҵаарадырра знапы алакыз аҵарауаҩ, иԥсҭазаара зегь ижәлар рҭоурых аилкаареи аизгареи иазикит. Икьыԥхьымҭақәа зегь ааидкыланы 270 рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьтә аҭҵаарадырратә усумҭа дуқәа 80, амонографиақәа 16. Иара хықәкыла аус иуан асоветаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых ахырхарҭала, уахь иаҵанакуеит аԥсуаа рхақәитратә қәԥара, 1920-1930 ашықәсқәа раан аҳәынҭқарра ашьақәыгалашьа, арепрессиақәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду уҳәа акыр тема. Аԥсуаҭҵааразы иааԥсара дууп, аҭҵаарадырра иалеигалеит хра злоу аҭоурыхтә документқәа маҷымкәа, иусумҭақәа иуарҳәо рацәоуп, фактологиатә материалла ибеиоуп. Дыҩуан аԥсышәала, урысшәала. Акыршықәса Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Аҭоурых аҟәша деиҳабын. 1997 шықәсазы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анаԥҵаха, раԥхьаӡатәи алхрақәа раан академикцәас иалаҵаз абыжьҩык дыруаӡәкын. Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырратә еилазаара напхгара аиҭон, ауниверситет аҿы алекциақәа дрыԥхьон, аспирантцәа азыҟаиҵон. Ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Адыгатәыла зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ. Иԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 27 апр.
🌽 "Аԥшжәла сыртәеит!" Алаҵара иаԥхьанеиуа ақьабз убас иашьҭоуп. Аԥсаатә, агыгшәыг рхәы аԥш / аџьықәреи адәахьы инкаԥсаны: "Сынтәа саарыхраҿы ԥырхага сышәымҭан!" — ҳәа дныҳәоит анхаҩы. Нас иуҭраҿ маҷк аԥш леиҵоит. Убри нахыс ажәла ртәаны имоуп, амш шааиоуз еиԥш алаҵара далагар ҟалоит. Абри "аԥшжәла сыртәеит" ахьӡын, ианҵоуп Арасаӡыхь ақыҭан, иара зџьынџьу ажәабжьҳәаҩ иҟынтә. Амш бзиа агылара иадыргоу аеҵәа кәеицеиқәа рыхьӡгьы ршьозаарын аԥсуаа. Ажәҩанаҿ иаӷаны, иԥхашьаԥхаҵо ианаакыдло, "ашьшьы́блақәа" ҳәа ирышьҭан. Аеҵәа уҳәар, амш цәгьахоит рҳәон. Шаҟа иԥшӡоузеи ари ажәа! Игҿахар, ирыцҳауп. ▫️Ашәарыцаратә бызшәала аеҵәақәа рзы "алашарбагасса" ҳәагьы рҳәоит. Ахыҵхырҭа: А. А. Ахсалба. Иахьатәи абжьыуатәи адиалект абызшәатә ҭагылазаашьа, Аҟәа, 2018 🧡Ахьыуардын шәақәтәа
Опубликован 25 апр.
Аҭоурых уалалозар, аимсы — аибашьратә культура иарҿиаз, ажәытәӡа аахыс иаауа елементуп. Ҳера ҟалаанӡа Кавказ иқәнагалахьаз аскифцәа реибыҭашьаҿгьы иуԥылоит иара зхылҿиааз ашьаргәацәхьчагакәа. Ауасахәы иалхыз аимсқәа рыдагьы иҟан еиуеиԥшым ахкқәа. Ирапаны иҟаз ауапцәалых еимсқәа "ашәаҭлеи" ҳәа ирышьҭан (войлочные гамаши), иаҳԥылоит аԥсуа традициатә маҭәа аҭҵааҩы Елена Малиа лышәҟәаҿы ("Аԥсуа маҭәа", 2003). Лара линформантцәа иреиуаз ашәҟәыҩҩ ду Иван Папасқьыр иажәақәа рыла, ирапаз аласа жәпа ршьапы иакәыршаны еимсҵас ирышьарҵоз ашьаҵа ҷыда ахьӡ ҷыдагьы аман — ашьахьшьар(вид войлочных гамашей). Уи ахыхь ааҷа еихыршьуа иакәыршаны иҿарҳәон. Ари акыс, ашьапы арԥхон, ҩбагьы — ашьаргәацә еиқәҟаца иакуан, ушьамхы арласуан, аныҟәараан иманшәалан. Ашьахьшьар аҩыза рышьан аԥсуа еибашьцәа, ашьаҟауаа, ашәарыцацәа, аныҟәацәа. Аҽыуаа ирышьарҵон ашьанызақәа(поножи), урҭ еиҳа аҽакала иҟан, еиҳа урыхьчон, шьамханынӡа аиха гәыцә рҭасазар ҟалон, ма еихатә ҭыџьла ичаԥан. Ашьанызақәеи еиуеиԥшым аимсы-хкқәеи аабоит ажәытә аскифцәа реибыҭашьаҿы ҳера ҟалаанӡа V - IV ашә. инадыркны; аԥсуа еибашьцәа абазгаа, аԥсилаа, ҵабалаа рсахьақәа рҟны (Баҭал Џьапуа иусумҭақәа). Гагарин иҭоурыхтә сахьақәа рҟны аибашьцәа нагақәеи аҳцәеи ирышьоуп ацәа тата иалху, ашькыл змоу, ҟаитанлеи ххьалеи ирԥшӡоу аимсқәа. Асахьаҿы: Баҭал Џьапуа иҭыхымҭа "Абазг" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа