Содержимое
📌 Ажәа бзиоуп Ачарбӷьы́(ветви и листья священных деревьев, заменявших стол на праздниках и молениях) Ажәакала иузеиҭамго, ажәытәра иагәылсны иаауа аилкаара. Хьыӡ ҷыдак аманы иҳаздыруамызт, ҳаамҭазы ахархәарагьы зынӡа имаҷхахьеит аҟынтә, иаҳԥылеит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа иусумҭақәа рҿы. Аҿахәы аҳәоит ари ажәа – узықәчо абӷьы. Ацуныҳәа, ажәла рныҳәарақәа, Хыхь иҟоу, анкьа амш анбзиаз ачарақәа раангьы икарҿон абас араса, ахьаца, ал уҳәа зымшьҭа бзиоу аҵлақәа ҳәа иԥхьаӡоу, рыфатә абӷьы ианҵаны ирфон, ус иаԥын. Ритуалтә ҵакык амамкәа иҟамызт ари аҵас, мамзар аиха ҟалеижьҭеи мҿқәак ааицарсаны реидҵара уадаҩра дук ацым, ианамуӡахгьы абыца, аӡахәа шышны, ашәымкьаҭ еиԥш изықәчашаз, зынакаакра маншәалоу ак рхәыцуан. Аха ус иҟамлеит. Уи амаӡа ҳзеилымкааргьы, абӷьы иаҵәа ахыԥхьалара аԥсуа аԥсабара дшазыҟаз, дшазааигәаз ҳнарбоит. Асахьаҿы: Леиаа рныҳәара #ажәа_бзиоуп 🧡Ахьыуардын шәақәтәа