TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1014

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры1,170Количество просмотров
Опубликован21 нояб.21.11.2023, 06:55
Содержимое поста

Содержимое

Ақырҭқәа ара ианыҟаз ҳашьхаҭыԥқәагьы дара рбызшәала идырцәажәар рҭахын, Мамӡышьха Мзиули ҳәа иашьҭан, Риҵа – Рисхва. "Арик учҳауа иҟамызт, сара саламгар амуит, ишьақәҳаргылеит", – еиҭеиҳәон аҵарауаҩ Таҷ Гыцба шықәсқәак раԥхьа арадио Sputnik иаиҭоз аинтервиу аҟны. Аԥсны ашьхаҭыԥқәеи ашьхацамҩақәеи еидкыланы ашәҟәы ианызҵаз, ирыхцәажәаз аҭоурыхдырҩы, атәылаҭҵааҩ, 30 шықәса инареиҳаны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылаз, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Таҷ Гыцба диижьҭеи 90 шықәса ҵит абҵара 20 рзы. Таҷ Шьаабан-иԥа Аԥсны шьапыла иахысхьоу дыруаӡәкын, аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа еиҵаиааӡон, ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьацәа аԥсуаа рҭоурыхи рыбзазашьеи деилзыркааша амҩақәҵага шәҟәқәа иҩит. Акырӡа ихырҳаганы аус иуан Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи, Аҳәынҭқарратә музеи рнапхгараҿы. 1978 шықәсазы аԥсуа жәлар рҿахәы зҳәоз "130-ҩык рысаламшәҟәы" зманы Москва ицаз иоуп, ари ашәҟәы иацын еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны иалганы иргаз аҭоурыхтә-культуратә ҭынхас ишьоу амаҭәарқәа рсиа. Аԥхьагылара злаз, уаҩышьала еиҿкааз, амаӡа ус аҿы узықәгәыӷуаз иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит дыздыруаз. Таҷ Гыцба 1964 шықәса раахыс аҭыԥхьыӡқәа ранҵара даҿын. Ҳтәыла анҭыҵгьы Нхыҵ Кавказ, Егры-нырцә аԥсуаа рышьҭамҭа зныԥшуаз атопонимқәа ҭиҵаауан. Москва, Черқьесск, Ереван, Краснодар абиблиотекақәа рҿы дцаны, шьарда аматериал инапы иҵихит. Абысҟатәи аџьабаа здыз иусумҭа аибашьраан иԥхасҭахеит, ҩаԥхьа еиҭашьақәиргылеит, шьаҭасгьы иазыҟалеит 1997 шықәсазы иҭыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра ахсаала. Владислав Арӡынба илаԥш зхыз, акрызҵазкуаз ари ахҭыс ахатә ҭоурых амоуп (ахсаала зны напыла иҭырхит, нас акьыԥхьразы Саратов иргеит, уагьы ирԥықәслоз ыҟан). Абарҭқәа игәалаиршәоит ари аус Таҷ Гыцба ицназыгӡаз, иара иуаҩышьеи иҩызашьеи иахцәажәаз аҵарауаҩ Леуард Барцыц. Иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра >> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа