TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1017

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры812Количество просмотров
Опубликован22 нояб.22.11.2023, 07:58
Содержимое поста

Содержимое

Аԥсуаа ражәа иалоуп "сдаӷьхаргьы-смаҭхаргьы" ҳәа (сделать во что бы то ни стало). Иабантәаауеи ари ажәеицааира, избан адаӷьи амаҭи залыркаарыз? Иҟалап, абас ихаҳәханы абызшәа иалоу ажәытәӡа зны аԥсуа лакәқәеи амифқәеи ирхылҿиаазар. Иаагозар, аҵанаа амца анрыжәла, рхы ацәыргарц шьоукы аӡы иҭаԥалеит, егьырҭ аҵла агәаҩақәа ирҭатәеит. Аӡы зыҽҭазыԥсақәаз даӷьхеит, аҵла иҭалақәаз маҭхеит. "Адаӷьи амаҭи аҵан ирхылҵит" рҳәон уи аҟынтә. Аурыс жәлар рлакә "Царевна-лягушка" аиԥш зеиԥшу, адаӷь ацәа зхарԥоу аԥҳәызба илыхҳәаау анашанатә лакәқәа уԥылоит ҳара ҳфольклор аҿы, ашәуаа рҳәамҭақәагьы налаҵаны. Иааџьоушьаратәы аԥсуа цәа рхоуп асиужетқәа. Руак аниҵеит аҵарауаҩ ду Сергеи Зыхәба, изеиҭазҳәаз шьҭрала д-Арасаӡыхьтәын, Гагра дынхон. "Адаӷь ԥҳәысс изгаз илакә" ҳәа ахьӡны раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит 2005 шықәсазы – Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа IV атом иагәылоуп. 🐸Адаӷьгьы аӡы изҭоу зегьы иреиҳазар аҭахуп. Адаӷь аӡы ианаанахәа, усгьы агаҟа сцон аҳәеит. (Ажәаԥҟақәа) 📖 Квакать – аҩаҿҩа́ҿра, аҟәаҿҟәа́ҿра 🧡Ахьыуардын шәақәтәа