TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1061

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры708Количество просмотров
Опубликован8 дек.08.12.2023, 15:50
Содержимое поста

Содержимое

Нарҭ Цәыцә иицәыцәуази? Нарҭ Цәыцә иахьа аахәлаанӡа аҽҳәаҿы иҟыцә-ҟыцәуаз иҳәа-иуы уамшьуа, уахынла дфырхаҵаха даақәгылон. Бжеиқәа-Бжашла ҳәа иҽыццышә дақәтәаны уама ирҿион, Сасрыҟәагьы иаԥигалон, ажәала Ҩаӡамакьаҭ еилазыршыз иараӡәк иоуп. Абас иҟаз ахаҵа ҽынла баша аҵәаҟьа каиԥсаларызма (уи ҽырҩашьагас ишимазгьы)? Ихәарҭаз уск даҿызҭгьы, ҳара ҳакәзар – ацәымзақәа иҳарҟаҵон. 🙂 Ацәымза, амзарҷа – лучина, ахьӡ ишаҳәо ала, амзаҵла амҿы рҩаны иалырхуан, ицәуа, ма ирҷауа (разделять на щепы). Ас еиԥш аҵәыџь мца ирласны ибылуан, аха уахынла алашара узырбоз акакәын, абназацәа рзеиԥш аҩназацәа рзгьы имаҭәахәын. Ааигәанӡа иааит. Аурысқәа амза инаваргыланы аҵааҵлагьы (береза) рхы иадырхәон, реиҳа ирацәаны ирызгылоу аҵла. Аԥсуаа – амзеи аԥсеи. Амза (сосна), амза (луна) аԥсшәаҿы ажәакала иахьаарԥшу иҟалоит имашәырзар, иҟалоит имашәырымзар – уахынла изырлашо аҵакала уахәаԥшуазар. Абызшәадырҩы Борис Џьонуа иҩуан, ари ажәа индоевропатә шьаҭа амазар ауеит ҳәа: ажәытә-индиатә маса, аерман амис, абырзен меис, ажәытә-славиан бызшәа месеци. Ииашаҵәҟьаны, еигәыцхәымКавказ жәларқәа рбызшәа иалоуп – азахәцәа, ауаԥсаа, ақырҭқәа... Аха ҳгьежьып Цәыцә иахь. Иара дуахынлатәи фырхаҵан аҟынтә лашарбагак имамкәан изыҟаломызт. Хьыӡрацарак изхашаз ацәымзақәа ҽынла дтәаны ирмазеиларын. Шәгәы ишԥаанаго? 🔥 🧡Ахьыуардын шәақәтәа