Содержимое
Иналукааша аҵарауаҩ-абиолог Виктор Маланӡиа иахьа дҳалагылазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. Виктор Маланӡиа ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы, Урыстәыла, Европа ирдыруеит, иара дышҵарауаҩ духоз заа иубаратәы иҟалахьан. Дқәыԥшын Аԥсны орнитофауна аилазаашьа иазкны икандидаттә диссертациа анихьчоз (1991). Итема азҿлымҳара дуӡӡа цәырнагеит усҟан, адунеи иакәшахьаз академикцәа гәыԥҩык ааит изыӡырҩырц, иазыҟаҵашьа џьаршьеит, иеигәырӷьеит, аусумҭа ахә ҳаракны иршьеит. Аԥсабараҭҵааҩцәа аӡәы ҳәа дшаарылагылаз имҩашьахкәа агәра ргеит. Абарҭқәа ҳзеиҭеиҳәон иара иҩыза, аҵарауаҩ Едуард Гәыбаз. Виктор Илиа-иԥа аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡара ауси еилаигӡон, 30 шықәса инареиҳаны Аԥсуа университет амаҵ азиуит. Аибашьраан, нас уи ашьҭахь аҵара апроцесс аиҿкаара иаҵагылаз дыруаӡәкын, 2002 шықәса инаркны проректорс дыҟан, иааԥсара дууп. Хазы иҳәатәуп астудентцәагьы бзиа дшырбоз, илекциақәа убас аинтерес аҵаны имҩаԥигон, зны-зынла егьырҭ акурсқәа рҟынтәгьы аҿар неины ак ҳаҩымшәандаз ҳәа иӡырҩуан. Аԥышәарақәа анарҭозгьы ибзианы ишазыҟаҵаз убарҭан. Адырра адагьы аамысҭашәара зҿырҵаауаз еиҳабыс ихәаԥшуан, ҳәарада. Виктор Маланӡиа зыуаҩра заԥхьа игылаз, ҭеиҭԥшлагьы гәаҭалагьы иԥшӡаз хаҵан. Уамашәа аԥсабаара дахӡыӡаауан, ихәны иибоз аҵарақәа, аԥсаатә дуқәа егьараан аҳақьымцәа рҿы иганы ихәышәтәхьан. Зус азы згәы былуаз, зус ҳаҭыр ззақәыз иакәын. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аџьабаа адибалон, аҵиаақәа рыхәҭа еиқәдыршәахьан иколлегацәа, аԥсаатәқәа иара инапы ианын. Ачымазара ицәа ишалаз шидыруазгьы, ак агмыжьқәа анагӡара иҭахын, дперфекционистын. Ахыркәшарахь днеиуан еиԥш аԥсцәаҳа дигагәышьеит. Аԥсныра даԥхеит, иабиԥара даԥхеит 2022 шықәса жьҭаарамзазы. Ашәҟәы аҭыжьразы егьагым, иахьынӡаҳдыруа, иара дахьымӡеит, умҳәозар. Иԥсаҭа лашазааит, инижьыз ихаареи, имшреи, идырреи ари адунеи аҿы мҵәыжәҩара руеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа