Содержимое
1992 шықәса, жьҭаара 7 рзы иԥсҭазаара далҵит Тевфик Есенч (Заишәа) — зхатәы бызшәала зҿахәы зҳәоз аҵыхәтәантәи аубых. Иара диит Ҭырқәтәыла, Ҳаџьы-Осман ақыҭан, 1904 шықәсазы, имшира аныкәу ҳаздырӡом, аха диижьҭеи сынтәа 120 шықәса ҵуеит. Тевфик Есенч аубых бызшәа абаҟа аззыргылаз уаҩуп, зыхшыҩ ҵарыз, згәынкылара џьашьатәыз, акрыздыруаз хаҵан. Шықәсырацәала алингвистцәа дуқәа (Диумезиль, Фогт, Кумахов, Чрыгба уҳәа егьырҭ) информантс дрыман. Абызшәа адагьы, аубых жәлар рҵас-қьабзқәа, рҿаԥыц ҳәамҭақәа, рашәақәа, ркультура бзиаӡаны идыруан, ҵҩа змам адоуҳатә мал ҳзынижьит. Тевфик Есенч абызшәа зҿиҵааз иара дхәыҷны дзааӡоз анрыла иабду Кәыкәышь иакәын, уи иоуп 1864 шықәсазы Кавказ ахҵәара зықәшәаз. Тевфик ихаҭагьы даара дбыргхахьаны иҭоурыхтә ԥсадгьыл ишьапы ықәиргылеит 1990 шықәсазы: Гәбаадәы дхалеит, Шәача дықәԥшит, Нальчик дыҟан. "Уажәшьҭа сгәы рҭынчны сыԥсыр ҟалоит, ҳабацәа рыдгьыл сылала избеит, ишырҳәоз еиԥшҵәҟьа иблахкыгоуп", — иҳәеит усҟан. Инышәынҭра ахаҳә аҿы ихьӡ аҵаҟа иануп абас: "Зхатәы бызшәала ицәажәоз, иҩуаз аҵыхәтәантәи аубых, аубых бызшәа ахаан ԥсра-ӡра ақәымкәа адунеи иазырҳаз" ҳәа. (Аубыхцәа рцынҵәарах ҳәа изырҳәо иалагахьан иԥсы шҭазгьы, еиҳарак Шьынқәба ироман алашара анаба аамышьҭахь. Амала иҳәатәуп, Тевфик Есенч ихаҿсахьа прототипс ишьҭихит мацароуп, ароман афырхаҵа хада Заурҟан Золаки иареи рнысымҩақәа еиқәшәаӡом, еиқәшәашьагьы рымамызт. Уи иҿала автор ииҳәо зегьы — иара ихатәы ҭҵаарақәеи ибаҩхатәреи иарҿиаз ауп). Аб игәараҭа цқьашәқьаӡа иҟоуп, ихылҵ ахылаԥшуеит. Уаҟа аҵла иқәланы иазҳауеит аӡахәа шьап — зыԥсадгьыл иахырцоз амҳаџьырқәа махәқәак рыкәа иҭаршәны иааргазаарын, иахьадырсыз иакит. Аубых бызшәагьы убас еиҭеиуа Анцәа иҳәааит! Иахьазы официалла иԥсхьоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп, аха шәҟәыла-быӷьшәыла изҵо аҿар ыҟоуп, убрагьы ажәарқәа рнаҩс Тевфик Есенч ианҵоу ибжьы даара ирыхәарҭоуп. Иԥсаҭа лашазааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа