TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1439

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры788Количество просмотров
Опубликован9 окт.09.10.2024, 14:15
Содержимое поста

Содержимое

Раԥхьатәи аԥсуа дирижиор, Аԥсны Жәлар рартист Лев Џьергьениа диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит иахьа. Ари ауаҩ диит Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы, иара иани Нестор Лакоба иани еиҳәшьцәан. Дшыхәыҷыз аҟыбаҩ шилаз ааԥшит, амузыкатә школ дҭарҵеит, илымҳаҭыҩ уамакала ибзиан. Аҵара иҵон Аҟәа, анаҩс Қарҭ аконсерваториаҿы, иреиӷьыз аҟазацәа рԥышәеи рдырреи рҿиҵаауан. Лев Џьергьениа апрофессионалтә ҵара ду змаз иналукааша музыкантын, иара ихьӡ иадҳхәалоуп Аԥсны асимфониатә оркестр аиҭашьақәыргылара. Уи сахьаркыратә напхгаҩысгьы, дирижиор хадасгьы дыҟан. Аԥхьа еиҿикааит аус ахьиуаз Аҟәатәи амузыкатә техникум аушьҭымҭацәеи арҵаҩцәеи рыла. Нас иазымхоз амузыкантцәа аҳәаанырцәынтә иаарыԥхьеит, зегь рыла ихатәроу ҳәынҭқарратә оркестрны иҟалеит. Аколлектив ду арепертуар хадаратәла аԥсуа композиторцәа раԥҵамҭақәа рыла еибыҭан. Напхгаҩык иаҳасабала акыр злеишәа џьбараз, аха астудентцәа рзы згәы былуаз, еснагь ззанааҭдырра аизырҳара иашьҭаз, ахара иԥшуаз иакәны дыргәаладыршәоит идырцәа. Лев Џьергьениа иоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа опера ақәыргылара аидеиа зызцәырҵыз. Даҽаӡәызар изымгәаӷьрыз ахыдҵа иара инаӡартә еиԥш аусқәа еиҿикааит. (Аопера "Аламыс" қәҿиарала иқәыргылан 1984 шықәсазы). Имаҵурамҩа хиркәшеит К. Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә школ адиректорс. Ҳмузыкатә культура аҭоурых аҿы аҭыԥ ду аанызкыло дыруаӡәкуп, илагала макьанагьы иҭҵаатәны иҟоуп. Ирҿиареи инысымҩеи ирызку аочерк лыҩхьан Арифа Қапԥҳа, шәаԥхьар ҟалоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа