TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1443

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры846Количество просмотров
Опубликован14 окт.14.10.2024, 10:26
Содержимое поста

Содержимое

Иахьа ицқьаны шәышықәса ҵуеит зыхьӡ нагоу, зыхьӡ ӡыргоу аԥсуа ҵарауаҩ Арвелод Кәыпраа диижьҭеи. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, 65 шықәса инареиҳаны аҭҵаарадырра иазааԥсаз, зқьыбжак инарзынаԥшуа аусумҭа ҭзыжьыз (макьанагьы иҭыжьым рацәоуп), "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу. Диит Река ақыҭан жьҭаара 14, 1924 шықәсазы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ажәлар рҿы пату зқәыз ажәа азҟаза Ерасҭа Кәыпраа иҭаацәараҿы. Уи I Адунеизегьтәи аибашьра далахәын, ашьҭахь Аԥсны змырӷьацоз ақырҭуа меншевикцәа дырҿагылан. Арвелод Кәыпраа ихаҭагьы дышқәыԥшыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ихьӡеит, уи аибашьра даветеранын, аџьшьаратә ҳамҭақәа ианашьоуп, "Кавказ ахьчаразы" амедал уахь иналаҵаны. Аҭҵаарадырраҿы иџьабаа зларацәоу ала, ихадароу ҩ-етапкны еихыршоит: 1980-тәи ашықәсқәа рҟынӡа асовет аамҭазтәи Аԥсны аҭоурых ҭиҵаауан (асоциалтә-економикатә ҿиашьа, аграртә политика), анаҩс хықәкыла аԥсуа милаҭ культура азҵаарақәа дрызхьаԥшуа далагеит, аԥсуара, аҵасқәа, ажәлақәа ирызкны еиуеиԥшым аусумҭақәа аԥиҵеит. Аԥсуара азҵаарақәа ирызку имонографиа 2009 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа иаԥсахеит. Арвелод Кәыпраа иусумҭақәа рҵакы анаҩсгьы рыхә ҳаракны изыршьо уи ауп, иара ихы иаирхәоз архивқәа реиҳарак аибашьраан иблит, уиижьҭеи уаҩы иԥыхьашәаӡом. Иара ианакәызаалак хәыц-хәыц архивқәа аус рыдиулон — хыԥхьаӡара рацәала акрызҵазкуа аматериалқәа ԥшааны аԥхьаҩцәа ирыдигалеит, наунагӡа аҭоурых иазынижьит. Даара акыр илшеит аҭҵаарыдарратә биографистика ахырхарҭа аҟынгьы. Аҵарауаа дуқәа, арккаҩцәа, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа, иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы рнысымҩақәа ҭҵааны ашәҟәы ианиҵеит. Шықәсырацәала анаукеи арҵаҩреи еилаигӡон, Аԥсуа университет аҟны Аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра деиҳабын. Иааӡамҭацәа 20-ҩык инареиҳаны акандидаттә диссертациақәа дирхьчеит. Аԥсны аҭоурых арҵага шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп. Арвелод Кәыпраа 95 шықәса ниҵит. Иԥсы ахьынӡаҭаз зус иазиашаз ҵарауаҩын, хырхарҭас ишьҭихлакгьы ажәлар рҿахәы зҳәо, рыхдырра аззырҳауа аҵабырг аарԥшра дашьҭан. Ҳҭоурых егьырҭ ажәларқәа рҭоурых иаламҩашьартә еиԥш азнагашьа дақәшәон, еснагь ахьчара дазхиан. Ибзоура рацәоуп ҳзакәу, ҳзызку адунеи иабартә аҟаҵараҿы. Илагала ԥсра-ӡра ақәым. Иԥсаҭа лашазааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа