Содержимое
Иҟоуп ашәа, иҟоуп ашәахә; иҟоуп ажәа, иҟоуп ажәахә; иҟоуп амца, иҟоуп амцахә. Еиҩыргозеи? Ҳахәаԥшып. Ажәахырҿиааратә елемент -хә иалкаау хьыӡҟақәак ирыцланы рҵакы арҭбаауеит, игәылнаршәоит, ма аҵак ҷыда рнаҭоит. Иаауеит иара "ахәы" / "ахәҭа" аҟынтә (доля / часть, аурысшәаҿгьы исинонимқәоуп), аԥсшәаҿы арҭ аҩ-ажәак зынӡа еизааигәоуп, шьагәыҭк рымоуп, ианеибаԥсахуагьы ҟалоит. Иаагап, "Бзиарас иҟоу зегьы ухәҭа алашазааит!" ахаҭыԥан "ухәы алашазааит" ҳҳәар, аныҳәаԥхьыӡ аҵакы еицакуам. Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала, исхәу — исыхәҭоу ауп (то, что положено мне). "Ухәы амх" = ухәҭа га; "Уа(ра) иухәуп!" = Уара иухәҭоуп, уахыбаамзааит; "Ҳаилахәуп" = ҳахәҭақәа еилоуп. Уажәшьҭа аҿырԥштәқәа: 🟠 А́шәахә - "доля песни", песня во славу героя("Храцыԥхьаӡа зашәахә кыду", Иашәахә неиҩуеит хараӡа") 🟠 А́жәахә - "доля слова", доклад 🟠 А́мцахә - "доля огня", огонь отдельного рода ("Умцахә мыцәааит!") 🟠 Аны́хахә - "доля святыни"; "часть святыни" 🟠 А́еҵәахә - "доля звезды", звезда на каждого живого человека ("Сыеҵәахә кыдуп, сызҭаху, исҭаху рыеҵәахә кыдуп!") 🟠 А́бахә - "доля отца", наследие предков; Отчизна ("Сабахә ахьыҟоу ароуп") 🟠 А́насыԥхә - "доля счастья", личное счастье; человек, предназначенный судьбой ("Инасыԥхә диԥшааит") 🟠 Ачы́схә - "доля еды", пища, которую ты можешь принять, ("сара исчысхәым" — эта еда не для меня) 🟠 Аҿаҵахәы - доля; удел, участь ("Абга иаҿаҵахәхеит") 🟠 Ацәашьхәы - "доля свечи", свеча для моления (Ацәашьхәы икуп — дныҳәоит) 🟠 Анцәахәы - "доля бога", божество 🟠 Анцәамуы́схә - "доля божьегодела", божий промысел #ажәарыԥхрақәа#ажәахырҿиаара ▫️Арҭ ирыларҩашьатәым ахаҭашьатә ҟазшьарбақәа ирыцло асуффикс -хә (абзиахә, ацәгьахә, ахамшҭыхә уҳәа), уи араҟа асемантика арӷәӷәаразоуп изыҟоу. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа