Содержимое
Ахҵәара ҟалаанӡа Бӷажәаа рыжәла Арыдлар инхон. Ари арыцҳара ду анҵысы иҭнацеит, реиҳарак амшын нырцә иқәнагалеит, иаанхаз Нхыҵҟа рхы ргеит, урҭ иахьа Бгажноков ҳәа ашәҟәы иануп. Аамҭақәак рышьҭахь ҩыџьа аишьцәа, Шьааби Шьаадаҭи, рыԥшра-рсахьа убла хнакуа, шьоурак аҵыхәала ашьха ихыҵны Аԥсныҟа иааит. Тҟәарчал азааигәара Аалӡга ахықәан анхарҭа ҭыԥ риҭеит дара рыуаҩышьеи рнаалашьеи згәаԥхаз аҭауд Ӡаԥшь-иԥа. Аишьцәа нхеит-инҵит, аҭаацәарақәа аԥырҵеит, рхы-рыхшара, рыуа-рҭахы ҟалеит, рнеи-ааи ҭбаахеит, иуаа нагақәаны ажәлар ирылагылеит. Шьаадаҭ ԥшьҩык аԥацәа ихылҵит, иԥацәа руаӡәк — Едгьы зыхьӡыз — дихылҵит зыԥсы шҭаз ашәа зхырҳәааз жәлар рфырхаҵа Салуман Бӷажәба. Сибра аҭакра ааӡаб ихганы Аԥсныҟа иааз Салуман иҭаацәараҿы 1914 шықәсазы диит заԥхьаҟа иҵарауаҩ духараны иҟаз аҵеи лаша — Хәыхәыт Бӷажәба. Диижьҭеи сынтәа, ҳазҭоу амза 15 рзы 110 шықәса ҵит. Хәыхәыт Бӷажәба— афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, иналукааша абызшәадырҩы, афольклорҭҵааҩ, алитератураҭҵааҩ (аԥсуа литературатә критика ашьаҭаркҩы), ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, арҵаҩы, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, XX ашәышықәса актәи азбжазы аԥсуаҭҵаара ашьақәгылара зыхәҭаа ду алоу дыруаӡәкуп. Иҭижьит 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рахьтә 12 монографиа (аԥсуа бызшәа бзыԥтәи адиалект монографиала иҭызҵааз иоуп). Иусура хациркит аԥсуаа рыхәаҽра ианаҿыз, амилаҭ рҿахәы зҳәоз арҿиареи аҭҵаареи аншәарҭаз 1930-тәи ашықәсқәа рзы. Дшыхәыҷыз инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз зхатәы бызшәа иазҿлымҳаз, ианызҵоз, аԥсуа шәҟәқәеи ашәҟәыҩҩцәеи ирыхцәажәоз, иагьӡырызгоз уаҩын. Ауадаҩрақәа зцыз аԥсҭазааратә мҩа данысит аамысҭашәала, гәыцқьарыла, ижәлар рзы ишьаҭамырӡгоу аџьабаа баны. Хәыхәт Бӷажәба изку, баҟак иаҩсуа ашәҟәы бзиаӡа иҩхьеит Руслан Қапба, Аԥснытека иҭоуп абра>> Аҵарауаҩ изку аочерк шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҟынгьы>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа