TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1448

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры872Количество просмотров
Опубликован22 окт.22.10.2024, 08:20
Содержимое поста

Содержимое

"Иахьа аӷа хәымга Аԥсны аццышәтәра даҿуп. Иишьуагьы ауаа рымацара ракәӡам. Ибылуеит ҳҭоурыхтә ԥшьа ҭыԥқәа: ҳархив, ҳаинститут, ҳауниверситет, ҳарҿиаратә ҩны… Сара схаҭа ҩынҩажәа шықәса иаԥысҵоз снапҩымҭақәа ҩажәа папка инареиҳаны зегьы блуп". Платон Бебиа аибашьраантәи игәалашәарақәа рҟынтә Жьҭаара 22, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсуаҭҵааратә институти Аҳәынҭқарратә архив ахыбреи рыблит. Дара ирҭахын ҳҭоурых ццышәыртәыр, ҳдырра ҳамырхыр, ахаан адунеи ҳанымызшәа мца қьоуқьадла ашәҟәы ҳанырхыр. Аха Анцәа ирыцимҳәеит, иалымҵит. Аиаша амца иақәуҵаргьы ибылуам. Ари ацәгьоура милаҭеилых ҟамҵакәа ауаатәыҩса зегьы ааха рызҭаз культуратә геноцидын, ус иагьаанхоит. Егьа ашықәс царгьы, хҿыхшьа змам гәнаҳароуп, адунеи жәларбжьара ақәыӡбар ахәҭоуп. Архив афондқәа 673 рҟны иҵәахын иааидкыланы 176 343 шәҟәы, (иблит 160 нызқь – 90% инареиҳаны). Арҭ адокументқәа 1810-1980 шықәсақәа ирыҵаркуан. Иҟан аизгақәа рҿы акьыԥхь збақәахьаз, насгьы зфотохҩылаа еиқәхаз аматериалқәа, аха урҭ ацәыӡ нагӡаны ирызхарҭәаауам. Амца иалаблит иара убас аԥсуа ҵарауаа дуқәа Михаил Ҭраԥшь, Шьалуа Инал-иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Иван Аџьынџьал, Царбеи Бжьаниа уҳәа егьырҭ шықәсырацәала еидыркылоз, хәы змаӡамыз рхатә фондқәа. Ишырҳәо ала, ақырҭқәа ирҭахын аԥсуа театргьы, аҳәынҭқарратә музеигьы рблыр, аха дара аиааира ргоит ҳәа агәра ганы иҟан, уи азы иаламкьысит... 🧡Ахьыуардын шәақәтәа