TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1651

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры749Количество просмотров
Опубликован14 апр.14.04.2025, 09:00
Содержимое поста

Содержимое

Ахӡырымгара — аԥшӡарақәа зегьы иреиҳауп рҳәоит наџьнатә аахыс аԥсуаа. Абри ажәа знаало, зџьабаа дуӡӡоу ахӡырымгаҩцәа дреиуоуп аԥсуаҭҵааҩ хатәра, акритик, алитературадырҩы, апублицист Руслан Қапба. Анцәа игәаԥхарала иахьа ихыҵуеит 90 шықәса. Руслан Қапба дравторуп 38 шәҟәы, аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи ирызку 24 монографиа уахь иналаҵаны. Акьыԥхь збахьоу истатиақәеи иочеркқәеи шәкыла иԥхьаӡатәуп. Ихьӡала иҟоу абиблиографиа мацарала библиотекак урҭәуеит. Ишәҟәқәа иргәылоуп хәы змаӡам афактологиатә материал, асахьаркыра ссирӡа. Ауаа рнысымҩа еиҭеиҳәоит иҭҵааны, идырны, изыхьаԥштәу акы иаҩмыршәакәа, ламысла, патуқәҵара дула. Аԥсуа литература аҭоурых ахы инаркны иахьанӡа инҭырҳәцааны издыруа, уи аҿиара иацклаԥшуа, иацгәырӷьо уаҩуп. Ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аҵарауаҩ ҳәа ахьӡ. Аԥсуа университет аҳаҭыр зқәу апрофессор, адоцент, ааскьанӡа алекциақәа дрыԥхьон. Адырра адагьы, шәҟәы иазымҳәо аԥсуа аамысҭашәара, агәыҭбаара зҿуҵаауа рыгәҭа дгылоуп. Агәабзиара имазааит! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа