TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1652

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры733Количество просмотров
Опубликован16 апр.16.04.2025, 06:31
Содержимое поста

Содержимое

🌾Аԥаса ахәы арӡуам. Адгьылқәаарыхра иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа: 🟠 Аҽаҩрадаӷьқәа анырацәоу – аарыхра ҟалоит, дара мшуп. 🟠 Ашышкамс адгьылаҿ ианырацәоу ашықәсан, насгьы иахьырацәоу аҭыԥаҿ аарыхра ҟалоит. 🟠 Арҵәыра хәаци ашышкамси рацәаны иахьамоу – ҽаҩра дгьылуп. 🟠 Дгьылс иҟоу жәҩануп: адгьыл бзиа еиԥшҵәҟьа, ианраамҭоу ақәеи амреигьы аарыхра ҟарҵоит. 🟠 Ааԥын аԥсҭҳәа катәо, ишьҭачуа ианалага, ашәыр ҟалаӡом, ишәҭыз абылуеит. ▫️ Ааԥын аиҩшамҭа аԥсуаа есхьа́р(а) ҳәа иашьҭоуп. Ажәытә ԥхьаӡарала, есхьар амшқәа 13 мшы шьҭахьҟа инаскьан, хәажәкыреи мшаԥымзеи реилыҵымҭа иақәшәон. Уи анаҩс ауп амшқәа инеиужьны ианышьақәгыло ҳәа гәарҭахьан. Ахыҵхырҭа: ари аамҭа иазку алегендеи иҵегь жәлар разгәаҭарақәеи шәрыԥхьар шәылшоит Есма Ҭодуаԥҳалыстатиаҟны>> 📖Арҵәы́ра хәац, а́хәацаԥшь — дождевой червь 🧡Ахьыуардын шәақәтәа