TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
Содержимое поста
Содержимое
Аԥсны Аҳәынҭқарра политикала иазхазҵахьоу атәылақәа макьаназы ишырацәамгьы, ҳаҭҵаарадырра азхаҵоуп анҭыҵ ибзианы. Абри аҩаӡара ҳарак шьҭыхны изку, зылагьы иҵегь ԥхьаҟа инагахо аҵарауаа дреиуоуп иахьа зиубилеи азгәазҭаз Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, иналукааша афольклорҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ Зураб Џьапуа. "Иҟоуп ауаа, ззанааҭ зны инышьҭаҵо, нас иаашьҭхуа иныҟәо. Уи цәгьара аҵаӡам, ихԥышәароуп, ауаҩы дышнеиуа даҿа мҩак алихыр ҟалоит. Аха сара ус иҟоу среиуаӡам. Сара иалсхыз аус саҟәымҵӡакәа изго сцалароуп ҳәа сахәаԥшуеит, ус еиҳа исықәманшәалахошәа збоит", — иҳәеит имшира аҽны. Академик иҿцәажәара шәахәаԥшырц ишәыдаагалоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа