TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
Содержимое поста
Содержимое
"Ажәытәан аԥсабареи ауаҩи шаҟа еизааигәаз уанаҳәоит иахьа сан исалҳәаз. – Амшаԥы наскьоит, иааскьоит, аха еснагь амҽыша иақәшәоит. Амҽышанӡатәи аԥшьаша иахьӡуп Чачхадыл ҳәа. Абри аԥшьашазы, Чачхадыл аҽны, ирҳәоит, нан, абаҳчаҿ алӡынрак зҭыҩра иҭатәаз абгахәыҷы аацәыҵыҵуеит ҳәа ашамҭазы. Аҭыҩра ишааҭыҵлак, шаанӡа, амра гылаанӡа, иахьыҟазаалак аӡы ԥшааны аҽакәабоит, аҽарыцқьоит. Убри аҽакәабаанӡа, шаанӡа угыланы, раԥхьа уара уҽукәабар, ирҳәоит убри ашықәсан аҩсҭаа дуԥырхагахаӡом, уааигәара дааиӡом ҳәа". ✍️Џьума Аҳәба имшынҵақәа рҟынтә, март 16, 1997 шықәса 📖 Чхады́л // Чачхады́л – Великий Четверг, Чистый четверг 🧡Ахьыуардын шәақәтәа