TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
Содержимое поста
Содержимое
АНЫҲӘАҨ Аҳаԥшьа ыҵоуп Адгьыл агәаҵаҿ, Мшаԥынӡа иҵәахуп ҳара ҳҩы. Аҩеиқәаҵәа ҭазҭәаз ахаҵа – Аԥсҭазаара зныҳәо ауаҩы. Ҭагалантәи амра агьама, Ҭагалантәи аҵхқәа рыԥшшәы, Ажьымжәа арыцқәа иргама, Аҳауа арҭәыма рыфҩы?! Аҩы цқьа, Аҩҿа, аҩы хышьашәа, Аҳаԥшьа хызтуа анапқәа… Инымҵәо аԥсҭазаара ашәа, Аныҳәа мҩаԥызго рыбжьқәа Иналаԥсоит ҳшымгәыӷӡо ашьыжь, Аҩеиԥш ҳара ҳаҵәца иҭаҭәоит. Иамазаап ҳахәрақәа рӷьашьак, Ахәрашәеиԥш аныҳәаҿа ҳҳәоит. Дныҳәаҩуп аҩеиқәаҵәа ҭазҭәаз, Аҳаԥшьаҩы агьама ҳирбоит. Аԥсҭазаара ахьӡала ҿа азҭаз, Аныҳәаԥхьыӡ ҳахьӡала иҳәоит. Гәында Кәыҵниаԥҳа, 2015 #алирика 🧡Ахьыуардын шәақәтәа