Содержимое
Ақәраныҳәа ԥшӡа лзаазгаз ааԥын даԥылеит Маҳинур Папааԥҳа — аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу. Маҳинур Папааԥҳа — алашара зцу, мчы узҭо ауаа дреиуоуп. Лгәы-лыԥсы зегь Аԥсны иаҿҳәароуп, аԥсуа бызшәазы, алитерартуразы, аҭоурых азы аџьабаа рацәаны илбахьеит. Амшын нырцә-аарцә иҟоу ҳажәлар еималдоит ааԥсара лықәымкәа, данқәыԥшыз аахыс иахьа уажәраанӡа. Раԥхьаӡа акәны лыԥсадгьыл аҿы дааит 1973 шықәсазы, усҟан Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба абҵас дидикылеит, акыр дирныҟәеит. Лара лоуп ароман "Ацынҵәарах" зегь раԥхьа аҭырқәшәахь еиҭазгаз, аха анапылаҩыра бжьаӡын, иаразнак аҭыжьра залмыршахеит. Иҭбаау лырҿиара мҩаҿы инырра ӷәӷәоуп Омар Беигәаа. Ари аҵарауаҩ ду иҭынха иахьа ицәгьамкәа иаҳдыруеит ҳҳәозар, даҳдырыртә, деилаҳкаартә иҟазҵаз иреиҳаӡоу ацҳаражәҳәаҩ Маҳинур лоуп. Иажәа аиқәырхара хыдҵас, напынҵас ишьҭылхит, шьаҿак дацәхьамҵкәа иахьанӡа иаалгоит. Аԥхьа ианеиқәшәоз 17 шықәса лхыҵуан, иԥсы ахьынӡаҭаз аус ицылуан. "Сҩымҭақәа аԥснаа ирдыруа иҟабҵароуп, сызхьымӡазгьы бара ибырхиароуп" ҳәа ииҳәаз иуасиаҭ налыгӡоит. Аԥсшәахь еиҭалгеит Кавказ иазку ишәҟәқәа, иҭҵаамҭақәа, илыҩхьеит иара изку аочерк, уажәы лнапы алакуп ижәар аиқәыршәара (ҳара иныҟәҳамго ажәа ссирқәа рацәаны излоу). Маҳинур Аазиз-иԥҳа — Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ; Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далоуп. Аҭырқәшәахь еиҭалгеит Витали Амаршьан ироман "Аԥсҳа", Аԥсны аҭоурых еиҭазҳәо ашәҟәқәа (Д. Гәлиа, Гь. Шамба, В. Бигәаа ртәқәа), Нарҭаа рҳәамҭақәа, Абраскьыл изку аепос, аԥсуа лакәқәеи ажәабжьқәеи. Ажәытә ҭырқәшәала иҩу ахыҵхырҭақәа дрыԥхьоит, лусураҿы лхы иалырхәоит, илдыруеит англыз бызшәа. Адиаспора ркультуратә ԥсҭазаара далахәуп, уаҟагьы араҟагьы аԥсуара амца даҵхаҩуп. Знык дызбахьоу, илыҿцәажәахьоу ахаан лыԥхарра имҵәом, зуаҩышәа хаау, згәыбылра еицамкуа Маҳинур. Илымазааит агәабзиара, аманшәалара, аԥсынҵра ду ацны! 🧡Ахьыуардын шәақәтәа