Содержимое
Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭа зкыз дреиуоуп аламыс азышәаҳәаҩ Миха Лакрба. Ашәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрдырҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ — диижьҭеи иахьа 125 шықәса ҵуеит (1901 - 1965). Миха Лакрба инапы злакыз рацәан, абызшәақәа идыруан, иаамҭазы Асовет Еидгылаҿы иҿцаа, инеи-ааи ыҟан, аха хараӡа деицырдыруа дҟазҵаз иновеллақәа роуп. Урҭ тәылас иахьымнеиз маҷуп, жәабала абызшәақәа рахь еиҭаргеит, иашан, адунеи ихьӡ ахыҵәеит. Адунеи иахирҵәеит "ҩышә цәкамбашь ирызмырҵысуа" аԥсуа ламыс аӡбахә. Миха Лакрба дшылкашәаз дызлааӡаз, ибла иабаз, илымҳа иаҳаз амилаҭтә культура ӡыригон. Хаҭалагьы — иаамысҭашәашьала, иҟазшьала, иуаҩышәала; иџьабаақәа рылагьы. Лымкаала, аԥсуа жәабжь ажанр даҽа хаарак аиҭеит, аформа напҟазала ицәит, аҵакы гәылиршәеит, аԥхьаҩ дзеиуалазаалак, игәы иҭымҵуа. Шьалуа Инал-иԥа иҳәон: "Аҿа узааӡом, изхоуҳауа ыҟамзар", — ҳәа, Миха Лакрба аҿаԥыцуаа дрызҿлымҳан, ражәабжьқәа аниҵон, "сыуацәа бзиақәа" ҳәа дрышьҭан. Ибаҩхатәра зладууз ала, иара илшон хыҭҳәаала мацарагьы алитература арҿиара, аха хдыррала иалихит ижәлар рдоуҳа иалиааз, рҭоурых еиҭазҳәо аихаҳа-еиҵаҳара амҩа, ражәа амч анарха ацҵара. Миха Лакрба, зегь раԥхьа иргыланы, аԥсуара дазышәаҳәаҩын. Уи азоуп иацгьы-иахьагьы ижәлар бзиа дзеицырбо, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа