Содержимое
«Иҟоуп убас аԥсуа ажәак — Аламыс ҳәа. Даара акыр аҵанакуеит, даараӡагьы акыр аанагоит аԥсуа ихы-игәаҿы уи ажәа кьаҿ... Исаҳақәахьеит аԥсуаа ирҳәоны: "Ҳарҭ аԥсуаа убысҟак ҳмаҷуп, ҳамч зегь еизганы арбаӷьк аҵоукыр, иаашьҭԥааны иаманы ицоит, аха ҳаԥсуа ламыс ҩышә цәкамбашь аурхаргьы, иахьышьҭоу ирзырҵысуам!" Насгьы, иҭабуп аҭак рҳәоит, ҳаԥсуажәа иалоуп "Уаӷа дуаҭабуааит!" — ҳәа. Жәытәнатә аахысгьы аламыс злоу аԥсуа изын хаҵара дус иԥхьаӡамызт, уеизгьы-уеизгьы, ашьаура. Иаармарианы, икылатәаны ахысра акәӡамызт ихаҵараз. Уаӷа уара "иҭабуп" ҳәа уеиҳәо дузыҟаҵозар акәын уанфырхаҵаз, ауаҩ бзиаҵәҟьа ҳәа анузырҳәозгьы. Иус дуум ашьаура. Аҳаиуанқәагьы ирылшо ауп уи. Ашьаура анакәха, — аҽадагьы удҵыгьлоит, алагьы уцҳауеит иургәаар. "Иҭабуп" ҳәа аӷа иузирҳәартә узныҟәозар ауп уанхаҵабзиоу! Убри азоуп "Уаӷа дуаҭабуааит!" — ҳәа жәытәнатәгьы аԥсуажәа иаланы изырҳәо. Аламыс иаҵанакуеит убригьы. "Аламыс" ҳәа абас аԥсуаа зыӡбахә рымоу ажәа ԥсыс ирхоуп нҵәара зықәӡам, иссиру ажәлар рҳәамҭақәа, рашәақәа». ✍🏻Миха Лакрба Аламыс иазку ажәаԥҟақәа>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа