TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
Содержимое поста
Содержимое
🔸Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩыБаҭал Џьапуа ицәыргақәҵа "Нарҭаа рыҩны" аатит Аҟәа. Аҟәатәи ацәыргақәҵатә хыбра азалқәа актәии аҩбатәии аихагылақәа рҿы ицәыргоуп аԥсуаа ржәытә епикатә ҳәамҭақәеи, рмифқәеи, ртрадициатә қьабзқәеи ирызку 120 инареиҳаны усумҭа. Урҭ рыхәҭак еицырдыруа аԥсуа жәабжьҳәаҩ Маадан Сақаниа еиҭеиҳәаз аҭоурыхқәа ирыдҳәалоуп. "Аԥсуаа нарҭаа ирхылҵшьҭроуп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит, урҭ нарҭаа ирхылҵит. Убри аҟнытә Маадан Сақаниа иҳәамҭақәа "Нарҭаа рыҩны" атема даара еилыкка иагәылалоит", — иҳәеит Баҭал Џьапуа. Џьапуа иҳәеит ас еиԥш атематикатә цәыргақәҵа раԥхьаӡакәны ишымҩаԥысуа. Ацәыргақәҵа "Нарҭаа рыҩны" аҭааҩцәа рзы иаартуп жәабран 22 рҟынӡа.