TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1960

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры574Количество просмотров
Опубликован23 янв.23.01.2026, 11:01
Содержимое поста

Содержимое

Уажәшьҭа 80 шықәса инареиҳауп Тҟәарчал арацәа аҵхра иалагеижьҭеи. Иаҳа ихьшәаны иаадыртыз аҩбатәи ашахтагьы аусура ҵысит 1946 шықәсазы. Усҟан Тҟәарчал ақалақь астатус аиухьан (1942), аибашьра иаҿыз Асовет Еидгыла ду иацхраауан. Аха ааглыхрахь анеира акыр аамҭеи аҽазыҟаҵарақәеи аҭаххеит, ари Нестор Лакәаба ихаан, аӷьараҳәа Аԥсны данахагылаз зышьаҭа икхьаз усын. Тҟәарчал арацәа шыҵоу гәазҭаз аԥсуаа роуп. Уи ҟалеит ХIХ ашәышықәса анҵәамҭазы. Шьхацан аихьшьцылацәа Арышааи, Аргәынааи, Гәарамиааи еицны, рырахә рыманы иахьтәаз, Аҟармара. Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа 11-тәи атом иагәылоуп "Тҟәарчал арацәа шаадырԥшыз" ҳәа хьӡыс измоу, Симон Басариа ихҳәаалоу ажәабжь. Ианиҵеит Валентин Кәаӷәаниа, Шьалодиа Басариа иҳәамҭаны. Даара аинтерес аҵоуп аҭоурыхи аетнографиеи рганахьала, иааҳгоит цыԥҵәахак: "Ахәыҷқәа ргалон ашьха ианцоз ажәытә. Ахәыҷы дахьнеилакгьы амца далахәмаруеит, арҭ аихымцеи, ашьанҵеи, ацәымсеи ахәыҷқәа аӡә иџьыба иҭазаарын, ауахәа ду ахькажьыз, ацәымса амца наркны, амца ацрарҵеит. Ауахәа амца ахьацрарҵаз иӷыӷкны иҟан, ибылуа ишнеиуаз, ари арацәа ааигәаны хыхь иқәзаарын ԥыҭк, арацәагь амца акит. Адгьыл амца акуа ианалага, уахык, ҩаха, хаха алҩа анықәч, – Иҟозеи?! – рҳәан, ахьшьцәа ҩеит. Иахьҩеиз ауахәа ҳәа агьрымбеит – иццышәхахьан, адгьыл амца акны алҩа ыҵыҩруа ирбеит. – Ҳаи, Анцәа-ҳазшаз, уаҳзылԥха, ҳаиасны ҳанаауаз Лашькьындар иагәамԥхаз ак ҟаҳҵазар акәхап! – рҳәан, ахәымбыҽха иангәарла зегьы, ашьтәа ԥшӡақәа шьны агәи агәаҵәеи ала Анцәа иашьапкит. Аха ари ахәо иҟазма, мчыбжьык, жәамш адгьыл амца акуп, имкьаҭеит. Ари анымкьаҭаӡа, ақыҭарахь иаарыцҳаит абыргқәа рахь, – Адгьыл амца акит, – ҳәа..." Анаҩс, ажәабжь ишаҳәо ала, Аҟәа Ашьхарыуаа рышкол иҭаз Едрыс Аршба иџьыба иҭаҵаны игеит ԥхныгак иаҟараз арацәа ҽыҭк. Ианырба, атәы здыруаз иҭырҵаан, еилкаахеит ахаҳә рацәа шакәыз. Аԥсуаа "аӷба рацәа" ҳәагьы иашьҭан иара, анкьа аӷбарныҟәага былтәыс иахьыҟаз азы. Дырмит Гәлиа ибызшәаҿы иуԥыло "амца ӷба" аетимологиа ахьынтәаауагьы уи ауп. 📖 А́ихьшьцылацәа; а́ихьчалацәа — зырахә еилаҵаны ашьха изго ахьшьцәа 🧡Ахьыуардын шәақәтәа