Содержимое
Жана Ачба иҳәамҭоу, афоризмқәа ирышьашәалоу ацәаҳәақәа Аҵабырг иахылҵыз ажәа Аҳәаццышә еиԥш иҵархоит. Амц иахылҵыз ажәа Ашәхымс иузахыгом, ицагәхоит. *** Ажәа хаа аҵкыс Ажәа аша еиӷьуп. Ҳаскьын ашоуп Ахәшә злырхуа, Ачымазаҩ ихәо, Иоур ианаамҭоу. *** Ашьыцра, ахәангара Ауаҩы дҭанархоит, Ацлабра, аисара Ауаҩы дыҭнагоит. *** Ушнеиуа умҩахҟьар, Ахага уиҿашәар, Уеимаагьы иҭ, Ухылԥагьы иҭ, Наҟ уиԥырҵ, Имҩа уаныҵ. *** Ауаа рӡамҩа Ахәыц иадыршәылаз ибон, Иара ишә-гәашә илажьу Аԥарч гәеиҭаӡомызт... *** "Згәы цаз" Лыхны ашҭа ҳантәаз, Аҭәа ду ашьашәыр иамкуаз, Аалӡга аибашьра ҳаныҟаз, Жьак атәарҭа зызхаз Шьмаф-иԥа ахаҵа, уаа... *** Ажьи адунеи иԥсахын, Ицәеихеи иԥызеи нхеит. Аҟәыш адунеи иԥсахын, Иажәа ауаа ирзынхеит. 📆 Аҷандаратәи аԥхьарцарҳәаҩы, апоет-сатирик, жәлар рҿаԥыц традициа аиқәырхаҩ Жана Ачба диижьҭеи сынтәа 180 шықәса ҵуеит. Афоризмқәа — Гьаргь Гәыблиа еиқәиршәаз ашәҟәы "Жана Ачба: Зхылԥа зқьашаноу" аҟынтә 🧡Ахьыуардын шәақәтәа