TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1963

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры549Количество просмотров
Опубликован27 янв.27.01.2026, 13:31
Содержимое поста

Содержимое

📌 Ажәа бзиоуп Аԥсы́раӡа "Зыԥсы раӡоу" — зынӡа ԥсыцәгьарак злам, адунеи хызфаарц иашьҭам, ақьиа, аԥсыцқьа, ауаҩ иаша. Аԥсҭазаараҿы абас рҳәоит амалрҳаразы аӡәы ихәура иҭамло, амаҷ зхы алазыгӡо, ахпатуқәҵара злоу, зхәы иаҭәҳәаны изфо ауаа рзы. Ажәа ахалагьы "агәыраӡа-ԥсыраӡа" ҳәа еилангьы иаҳԥылоит асахьаркыратә литератураҿы (Рушьбеи Смыр, Инна Ҳашԥҳа, Белла Барцыц ражәеинраалақәа рҿы). Аха иаҳараку астиль мацара иатәны иҟаӡам, аԥсшәа иагәҭылсоу ажәоуп. Иаҳҳәап, ашәарыцацәа рзы иуҳәар ауеит "рыԥсы раӡоуп" ҳәа, абна алеишәа еиламгакәа иқәныҟәозар: ирзышьҭыхуа аиҳа рымшьуазар, зынӡа аԥсқьарра, аԥсымҭәра амԥангьы иҟамзар, ашәарах, аԥсаатә хырымшьаауазар. "Зыԥсра аахьоу ҳаҭ; зыԥсра ааигәам ҳадумжьалан" ҳәа иҟоу аформулақәа ирыҵоу аидеиа уагәылаԥшыр, аԥсыраӡара иатәуп. Хара уԥшуазар — ахеиқәырхара, аԥсабара аиҷаҳара. Аԥсыраӡара ауаҩы ициӡом, дшәыцыԥхьаӡа дзызнеиуа уаҩышәароуп. Ианакәызаалак аматериалтә дунеи аҿы ауаҩԥсхылҵ дхызхуаз рацәан, ирацәоуп, аха инеиужьны иҽеимҭозароуп, аҽынкылара илазароуп. Шәышықәсала иаауа адинхаҵарақәа рҟынгьы ачгарақәа (аҿбаарақәа), ма еиуеиԥшым аскезақәа ззырхоугьы, раԥхьаӡа иргыланы, аԥсыраӡара ауп (духовное очищение; нравственное совершенствование). #ажәа_бзиоуп 🧡Ахьыуардын шәақәтәа