Содержимое
Иҟоуп ажәа "ахьырԥар", иҟоуп "ахьы́ԥҳар". Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иӡбеит, ихы иаирхәеит ари ажәа, ҳаибашьраан рашьцәа ирывагыланы, гәымшәарыла аӷа дыԥхьазцоз аҭыԥҳацәа ирызкны, инаҵшьны дара рлагала алкааразы. Саҭанеи Гәашьа лхьыԥҳар — уамакала исахьаркуп, иагьҵабыргуп изыхҳәаау рзы. Лыԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, иахьа лықәраныҳәа лыхьӡон афырԥҳәызба Раиса Кәырыкьԥҳа — "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ занашьоу аибашьҩы, амедеиҳәшьа. Дыҟам ҳтәылаҿы иззымдыруа ешыратәи ари аҭаацәара рҭоурых. Аӷа иҿагылан цәак-жьык иалҵыз аишьцәа ҩыџьа, аиҳәшьцәа ҩыџьа; аԥшьҩыкгьы рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Светлана Кәырыкьԥҳа 1994 шықәсазы Гал араион дҭахеит, Раисеи ҩыџьа лашьцәеи (Славик, Иура) — аибашьра адәаҿы. Раиа 26 шықәса лхыҵуан, дҭаацәарамызт. Қәаршыҩҵас иаауазаргьы, ахы даҿагыланы ахәцәа алылгон, иҿалҳәон. Ианартәи, Марттәи ажәыларақәа раан 60-ҩык инареиҳаны аибашьцәа рыԥсы дахәеит. Агәымшәаразы амедал ланашьан, лхаҭагьы дырхәхьан. Лыԥсҭазаара ҿахҵәеит Ԥхынгәымзатәи ажәылараан, Ҳабҩықә ашьха, луалԥшьа шыналыгӡоз. Лара дҭахеит, аха иҟоуп лыхьӡ казмыршәуа Аԥсны. Ԥсоу-Егры амҩаду ушану Ешыраҟа убжьалозар, ақыҭа агәы иалган уназго амҩа Аԥсны Афырхаҵа Раиса Кәырыкьԥҳа лыхьӡ ахуп. 🏔 🧡Ахьыуардын шәақәтәа