TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #1965

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры543Количество просмотров
Опубликован28 янв.28.01.2026, 10:10
Содержимое поста

Содержимое

АԤСУА ӠӶАБЦӘА Аӡәгьы иҟынтәи ишәыдмызт шәеибашьы ҳәа, Абџьар шьҭыхны шәнеи, аӷа дышәшьы ҳәа… Еиҭаҳәашьа змам акы шәыхнахит: Шәеимаа ласқәа магәла ишәыԥсахит!.. Ҭацамаҭәан уаҟа шәбымба-кьаҿқәа, Ахарантәи игәеиҭон аӷа урҭқәа! Шәеиха-хылԥеи ишәкыз автомати, Дыззыԥшымыз шәгәымшәареи шәзанааҭи!.. Мап ацәышәкит ааԥсара, ацәа, Шәрывагыла шәеибашьуан ахацәа! Шәрывагыла ашьхақәа шәырхысит, Гәашьа лхьыԥҳар шәакәын – Шәгәы мыҭрысит! Иахьеиларҵоз, асакаса шәаҵа, Деиқәшәырхон инажәгоз афырхаҵа!.. Даҽазных – Ҽакала шәашьцәа шәрыхәон: Усҟан урҭ ашәала ргәы шәырҿыхон! Заҟаҩ шәхымҭа-камшәа иҭанархази, Заҟаҩ рыхәра ҿашәҳәеи – еиқәшәырхази!.. Заҟаҩ ма шәыбжьара иҭахада, Иныҵакны руасиаҭ-ажәа зарҳәада? Сыҟанаҵ са сашәа урҭ ирзыҟоуп, Сыҟанаҵ – рыԥс аҵаҟа сыԥсы ыҟоуп! Аԥсуа ӡӷабцәа, аԥсуа имрахәага, Игәыӷра-маӡа, имра лашарбага!.. ✍🏻 Мушьни Лашәриа #алирика Асахьаҿы: Игор Смыр ичаԥамҭа "Аиааира аԥааимбарцәа" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа