Содержимое
Бзыԥ аӡиас абахәбжьара иахьҭысуа илахыкны, иахьа зшьапы чаԥоу аихатәы цҳа ахьху азааигәара ашәышықәсақәа раԥхьа аӡахәацҳа хын. Ацҳа рыбжьан аӡиас нырцә-аарцә инхоз ауаажәлар. Ацҳа бжьан уҳәа, аимадара бжьан уҳәа – акоуп, аха араҟа ацҳа ахаҭагьы еимадагас иҟан. Ажәлар рҳәамҭа иаанагеит иџьашьахәу уи аҭоурых (алегенда). Уажәы аҵкысгьы аԥсабара еиԥынчыла, бна иаҵәала ихҟьан Бзыԥ аԥшаҳәақәа. Аԥсуаа рмал ду – ашьхеи, абнеи, адгьыл кәазеи – рхы аланыҟәыргон. Аха ихырҵәаган ирзыҟалон усҟан хаҵарас иԥхьаӡаз арҳәрақәеи ақәыларақәеи. Ас ҳамыхәеит рҳәан, Бзыԥ аԥсҭа наҟ-ааҟ иҭанхоз ажәлар еибырҳәеит дара-дара рыбжьара ақәыларақәа аанкылазарц, иагьхырҵеит ҩ-ԥаҩк рыбжьара аӡахәацҳа. Аԥсуа бнаӡахәақәа даара иҿион, рҽырҟьон, иагьыӷәӷәан; аӡԥаҩқәа рҿы еиҭарҳауан, зыԥсы ҭоу цҳас ихыларц, неиааигас. Бзыԥтәи аныхабааи, аҳҭынреи, абааҭӡы ашьҭамҭақәеи иахьагьы ахәы иқәгылоуп. Уи ахәы иамариашаны нырцә, Калдахәарагьы абаахырӷәӷәарҭа гылан. Аӡахәацҳа хырҵеит абарҭ аҩ-баак рыбжьара. Еибырҳәеит рынхара-бзазара еибеиԥшны ишымҩаԥыргало – аамҭаказы иныҳәо, аамҭаказы крырфо, аамҭаказы русқәа ирылаго. Еибадыргас ирыман ацҳа: ҳалагеит аанарго идырҵысуан ганкахьала, ҳаргьы ҳахиоуп – аҭакс идырҵысуан наҟтәирахь. Ҟыҟ-ҿыҟда, аџьџьаҳәа рынхамҩа шьақәгылт анхацәа, ргәы ҭынчын аҳцәа. Ус ишыҟаз раӷацәа иаараҳан, ирыҵашьыцын, еичдырчарц рыӡбеит, ианакәӡамыз ацҳа иахо иалагеит. Реибадырга амц шаҳәоз анеилкааха, аиқәшаҳаҭра зыбжьаз аҩ-ганк агәреибамгара, агәынҷыхьа рыбжьалеит, имеибашьыр ада ԥсыхәа рымамкәа... Бзыԥтәи абааи Калдахәаратәи абааи еиқәырҵеижьҭеи зқьышықәса инареиҳауп, Аԥсуа аҳра ахаан иргылан. Калдахәаратәи абаа аӡымҩангага аман, аӷа иҭеикыргьы ӡыла еиқәшәан. Аԥсны архитектуратә баҟақәа ҭызҵаауаз археолог Иури Воронов дрыхцәажәеит арҭ аҭыԥқәа. Аӡы аҵыҵырҭа ибеит 150 метра абаа иҩахыкны. Ара иугәаламшәар ауам аԥсуа жәаԥҟа: "Аӡыхь ахьыҵыҵыц иҵыҵуеит". 🧡Ахьыуардын шәақәтәа