Содержимое
Амра ԥхоит, ақәа леиуеит — абгахәыҷы ԥҳәыс даанагоит, абгаду кылԥшуеит. Абас рҳәоит амш иҟанаҵо узеилымкаауа, амрашәахәеи ақәаԥсатеи анеицу, ма ақәа цқьа ихымкәацқәа ашәалҟьамра анаакылԥхо (слепой дождь; солнечный душ). Ажәлар ирҳәамҭаны ҳхәыҷаахыс иаҳдыруа арҭ ацәаҳәақәа — автор дызмоу жәеинраалоуп, иацугьы ыҟоуп. Ахьӡыртәрақәа иреиԥшны, ашәаны иҳәон Жана Ачба иԥхьарца ианҵаны. Раԥхьаӡа акәны ашәҟәы ианҵан ХХ ашәышықәса аиҩшамҭазы афольклор аизгарақәа раан. Изҳәоз иазгәарҭон "Жана Ачба иҟынтә иҳаҳаз ауп" ҳәа, убас еснагь ихьӡ адырбон ажәабжьҳәацәа ҳәсагьы-хацәагьы иара ирепертуар анынарыгӡоз. Ари иалнаршеит ашәаԥҵаҩ ихьӡ анаӡаӡатәра. Аҩра-аԥхьара аныӷәӷәаха ашьҭахь Жана ихьӡ ҩаԥхьа ижәлар ирылаҵәеит аԥсуа шәҟәыҩҩы, арккаҩы Миха Лакрба ибзоураны. Анаҩс уи иус иациҵеит ашәҟәыҩҩы, апоет Гьаргь Гәыблиа. Ажәеинраала (ашәа) шеибгоу абас иҟоуп: АБГАХӘЫҶЫ АЧАРА Амра ԥхоит, ақәа леиуеит, Абгахәыҷы ԥҳәыс даанагоит, Абгаду кылԥшуеит. Ҽаб леиҩеиуеит, Жьабаӷь амҿы ԥнаҟоит, Хәаскьеи ачуан хиргылоит, Џьмажакьа абысҭа иуеит. Хабжь-иԥа адаул дасуеит, Мышәҳәар ықәлан икәашоит. Ҳаԥхьаҩцәа шәҟынтә иԥсабаратәым ахдырра знапаҿы иаазгахьоу дыҟазар, ари асиужет ахәыҷкәа рзы асахьаныҟәа ссир алҵуеит, абжьы ахаҵазар ауеит, иԥышәшәа! Ашәарахқәа бнак ирыцалоу абгахәыҷы ачара аҽны уаха-саха ҳәа амаҵ шыруа 🦊 🧡Ахьыуардын шәақәтәа