Содержимое
Даара имариам усуп, егьаҩы рҽазыршәахьазаргьы, апоезиа закәыҵәҟьоу инҭкааны аҳәара, аха иара убар, иуаҳар — иудыруеит. Ҩашьара ақәӡам. Апоетҵәҟьа еснагь иара ибжьы имоуп, даҽаӡәы диеиԥшӡам, дагьилаҩашьаӡом. Убас иҟоу дреиуоуп иахьа зықәраныҳәа азгәазҭо апоет, аиҭагаҩ Гунда Сақаниаԥҳа — Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Таиф Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературатә премиа алауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ. Иуҳәар ауеит апоезиа ԥсыԥашәаны илыциит ҳәа. Ажәеинраалақәа аԥылҵон дшыхәыҷӡаз, ашкол ахь дцаанӡагьы (хәышықәса шылхыҵуаз дрыдыркылеит). Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1980-тәи ашықәсқәа рзы, лырҿиаразы ирҳәахьеит "амҵәыжәҩа унаҭоит" ҳәа. Аԥсуа литература иалалгалеит асахьаркыра ҷыда, аҿыханҵаҩ ашәыгақәа еилаҵаны аԥшшәы ҿыц шиоуа еиԥш, аԥсшәаҿы иаалырԥшит алшара ҿыцқәа, аԥшӡара еицакра зқәым. Гунда Сақаниаԥҳа хыԥхьаӡара рацәала аизгақәа ҭлыжьхьеит: "Аԥшқарах", "Анана Гәында", "Ахьыцәыкәбар", "Саҭанеи лашәа", "Ахьыԥшьа", "Аԥслымӡ сааҭ", "Аматанеира" уҳәа егьырҭ. Иалкаау лҩымҭақәа еидкылоуп ааигәа иҭыҵыз ашәҟәқәа "Зқьымра", "Ажәҩан анааигәахо" рҟны. Хазы инаҵшьны иҳәатәуп иахьатәи аԥсуа хәыҷтәы литература ҵәатәышьаҟаны иаҵагылоу дышреиуоу, илыҩуеит урҭ рзы ажәеинраалақәа, апоемақәа, алакәқәа. Ажурнал "Амцабз" аредактор хадас дыҟоуп. Акыршықәса Абызшәа аҿиара афонд аҟны аус лухьеит, амилаҭ культура аиқәырхараҿы лааԥсара рацәоуп. Ҳлыдныҳәалоит гәыкала, лықәра ҿыц далагәырӷьалааит, лымҩа еснагь илашазааит! 🌸 🧡Ахьыуардын шәақәтәа