TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #2003

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры441Количество просмотров
Опубликован27 февр.27.02.2026, 06:40
Содержимое поста

Содержимое

Жәабран 27 Аԥсны аинформациатә хархәагақәа русуҩцәа ирымшуп. Ари арыцхә шьаҭас иаиуит 1919 шықәсазы раԥхьаӡатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" анҭыҵыз амш. Уи аахыижьҭеи иҵуеит 107 шықәса. Ҳазҭагылоу аамҭазы аинтернет хархәагақәа мҽхакы ҭбаала ианҿио, агазеҭ "Аԥсны" аредакциагь аҵамхакәан асоциалтә даҟьеи асаити рҿы икьыԥхьоит. "Аӷба сышьҭуам, ҳәа амызгәыҭ иахьынҳалаз уиҩызахоит, анкьа ишыҟаз мацара ҳаҟазаауеит ҳәа ахәыцра. Аха, даҽа ганкахьала, асоциалтә ҳақәа мацара рахь ҳаиасны, агазеҭ аҭыҵра архьысҳара иашаӡам. Аҭыҵшьа, ахаҭабзиара уҳәа изызхьаԥштәу азҵаарақәа маҷӡам иахьа. Асоциалтә ҳақәа рахь ҳцәырҵуа ҳзалагаз, аамҭа ҳақәшәаны ҳцарц азоуп...", — иҳәоит агазеҭ аредактор хада Ахра Анқәаб, агазеҭ асоциалтә ҳақәа рахь аҭыҵра атәы дазааҭгыло. Асоциалтә ҳақәа инарываргыланы, агазеҭ наџьнатә аахыс илнахыз амҩа иацәхьаҵуам, Аԥсны ахатәы газеҭқәа рӷьырак атипографиаҿ аҭыжьра иаҟәыҵзаргьы, аԥсышәала мацара иҭыҵуа аҳәынҭқарратә газеҭ "Аԥсны" мчыбжьык ахь знык зтираж 900 цыра ыҟоу аԥхьаҩ иахь инеиуеит. Шәышықәса иагәылсны, иахьатәи аамҭа аҽақәыршәан иааиуа амилҭтә кьыԥхь аҿаԥхьа иқәгыло азҵаарақәеи иахьатәи аусура шеиҿкаауи ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лматериал аҿы. #social