TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #2013

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры424Количество просмотров
Опубликован8 мар.08.03.2026, 12:31
Содержимое поста

Содержимое

"Аԥсуа иуаҩра аԥҳәыс дабжакуп"ҳәа зхырҳәауаа ажәытә ажәабжьк: 🤩 "Цдәаа рҭаца" Цдәаа абык ихшаз аишьцәа ҩыџьа ыҟан, дара ҭаацәаран, рыхшарагь ыҟан. Ианыҷкәынцәаз инаркны бзиа еибабон, рҳәоу еиқәшәон, аимак-аиҿак рымаӡамызт. Анаҩс еиҿыҵит, аиҵбы агәара дынҭыҵын, ааигәа аҭыӡҭыԥ ылхны, уа анхамҩа ашьапы икит. Ртәы-рымаа изҭахыз ауаа ақәыршәан иршеит. Убасҟан ҩ-шьапык ажьҵлақәа аиҳабы иахь иахьаҵанакыз аиҵбы дазыразымхеит. Убри еимактәны ирыбжьахан, аишьцәа ишакәымыз рыгәқәа еихшәеит. Аичырчацәагьы ацәгьаҳәацәагьы уа ирыбжьанагалеит. Араҟа еиҳа аара зыдхалаз аиҵбы иакәхеит. Аӡәгьы дизымӡырҩуа илеишәа ирцәгьаӡеит, аисра-аиқәԥарахь диасит... Аиҵбы иԥҳәыс — Ацдәаа рҭаца Шьаиза лхаҵа дызҿыз, иҟаиҵақәаз лҭахымызт, ԥсрак-ӡрак реиԥш илԥхьаӡауан. Лара ԥҳәыс ҟәышк, акрыздыруаз аӡә лакәын, лхаҵеи лабхәындеи реинраалара акәын илҭахыз, дымшәаӡакәа лхаҵа аҽԥныҳәагьы илҭахьан: "Уара мцахәыцәа, аҽа зшьыз иашьа ида ҭынха димоуит ҳәа, ма сара, ма уара аӡәы ҳаԥсыр, уашьа дулуххьеит, нас анышә ҳазҭода, ҳаиҿызкаауада?" — ҳәа иалҳәеит Шьаиза. Убас ахьылҳәоз дахырҟьаны иԥҳәыс ишакәымыз лгәы даиргахьан, лыҩны ддәылҵны мызкы лабраа рҿы илхылгеит. Аишьцәа ас реилыӡаара аахыс ԥшьышықәса ҵхьан. Хкаарачан абжьаҳәы́мҭаз акәын, ажьҭаареи аҩыҟаҵареи иаԥскымҭан ианыҟаз. Шьыжьымҭанк аиашьа аиҵбы икалаҭ, имҵәышә, ашаха еидкыланы, иԥҳәыс ишылымуазгьы, мчыла иаԥхьа днаргыланы, иашьа еиҳабы иахьитәыз, аҩнаҭа иахьазааигәаз ажь зҿаз аҵла длықәлан, аҭаара далагеит цасҳәа, иашьеиҳаб игәы ԥызжәап, акы исырҳәап ҳәа. Имҵәышә рҭәны алашьҭра даҿын, иԥҳәыс иаҵылгон. Аиашьа еиҳабы зегь ибоит, аха "ҟыт" ҳәа ауҿиҭхуаз. Калаҭк аҟара ажь иҭаахьаны еиԥш аҵықьҳәа деимсеит аҵла ақәцәа иқәтәаз. "Хаир умбааит, хыла улеиааит, умшақә ахә алҳаргааит", — ҳәа дҟәынд-ҟәындуа лхаҵа ишәира даҿын Шьаиза. — Бзацәажәода бара уа, баҩысҭаацәа роума? — дҵааит иара аҵла ахыхьынтә. — Уара мыжда, агәымбыл, иумаҳаӡеи? Уанеимса уеиҳабы аҩнынтә "Хаир абзиара уанаҳәааит, амашәыр алԥха умазааит, иуҭаауа ажь иалухуа аҩы ԥшӡала иужәлааит" ҳәа уиныҳәеит. Сара убри иныҳәашьа сгәы иахәаны иареи уареи аишьцәа аринахыс шәеиԥымхааит, шәеибабара ԥаса еиԥш иҟалааит ҳәа сааҟәынд-ҟәындит ауп, — лҳәеит Шьаиза. — Ииашаҵәҟьаны убас иҳәама, дсықәныҳәама санеимса, аиаша ҳәа бара?! — дааӷьаҵәы-ӷьаҵәит хыхь дахьықәтәаз аиҵбы. — Ааи, уара, ажәжәаҳәа ажь ахьуҭаауаз иумаҳаит акәымзар, убас ишуасҳәаз еиԥшҵәҟьа уиныҳәеит уашьа, сыгәра угозар, — лҳәеит Шьаиза. — Ҟыҳ! — иҳәан, имҵәышә лоуижьын, агәараҳәа илкаҳаит. иаргьы ажәжәаҳәа дылҭалан, аҵла длалбааит. Дааиҵамхаӡакәа иҿынеихан, иашьеиҳаб дахьыҟаз ауаҭах длыҩналан: "Зда дсымаӡам сашьа, угәы нсырхеит, сара исхароуп, авба сара исымазааит, уааи схы уас, сгәы уас, аринахыс угәы нсырхараны сыҟаӡам!" — иҳәан, дӷьаҵәыӷьаҵәуа, аҵәыуара дакуа иашьа игәыдкылара даҿын. Шьаизагьы дгәырӷьаҵәа лнапқәа ыргьежьуа лабхәында игәыдкылара дшаҿыз, аҵәыуара дналагеит. Абасала аԥҳәыс ҟәыш, аԥҳәыс гәыраз маанала лхаҵеи лабхәындеи еинылраалеит наӡаӡа. ✍🏻 Кәыҷа Лакрба ▫️Ари ажәабжь иагәылоу ажәаԥҟа "Аҽа зшьыз иашьа ида ҭынха димоуит" ахьынтәаауагьы иҟаҵәҟьаз ҭоурыхуп, уи шьаҭас иҟаҵаны Миха Лакрба иаԥиҵеит еицырдыруа иновеллақәа руакы — "Ашьабсҭа зшьыз"; аурысшәахь еиҭаганы аԥхьаҩцәа ирылаҵәаз ашәҟәы ус хьӡыс иагьаман: "Тот, кто убил лань"(1982). 🧡Ахьыуардын шәақәтәа