Содержимое
XIX ашәышықәса азбжазы аԥсуа ҭаацәара ду ргәараҭа 10-15 мҳара рҟынӡа ҭагылазар ауан! Уа иҟан аҭацамҳарақәеи хаҵа ицараны иҟаз аҩнаҭа аӡӷабцәа ирызкызи. Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы "Абхазы" иагәылоуп абри асахьа, иҭоурыхуп, зылала избаз аныҟәаҩ иажәақәа хыҵхырҭас иааигоит (ад. 459). Ауаа хатә џьабаала рхәы анаадрыхуаз анапырацәа нырхаган, ԥсҭакыган. Ахәыҷырацәа рааӡон, даргьы еибааӡон. Аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы адунеи шьаҭанкыла аҽаԥсахит, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицеит. Иахьа азанааҭ змоу ауаҩы дхыкәкәааха дажәаанӡа ихала мацарагьы ихы ныҟәигоит, ус иҭаххар. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп — абзазара еиӷьхеит, аира иагхо иалагеит. Хара ицатәым, ХХ ашәышықәса иаҿырԥшны уахәаԥшыргьы. Ас ахьыҟалаз ҳара ҳҿы мацара акәым, аха ҳара ҳаиԥш иҟоу ажәлар маҷқәа ирныԥшуеит иаразнакы. Апрогресс зегь армариеит ауаҩ иааӡара ада. Адемографиа азҵаара цыхцыхуа иҟалеижьҭеи крааҵуеит Аԥсны. Ҳабацәа, урҭ рабацәа ирхьаан ари аҭагылазаашьа, еиҳарак амҳаџьыррақәа рышьҭахь, ҳмаҷра иахҟьоз амчымхарақәа анеиқәыла. Уи аԥхьагьы, наџьнатә аахысгьы идыруп амч ҟазҵо ажәҩахыр шакәу. Ҭоурыхла аибашьрақәа ирыӡрыжәхьоу аԥсуаа рдунеихәаԥшышьа иагәҭылсоуп ари адырра. Мамзар ирҳәомызт: "Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан", "Зыҵәҩаншьап ыӡыз ишә аиркит", "Хшаа дызмоукәа иԥсыз баша дыԥсит (дыԥсӡеит)" уҳәа реиԥш иҟоу ажәаԥҟа џьбарақәа... Аныҳәаԥхьыӡқәеи ашәирақәеи реиҳарак зызкугьы ажәла-ашьҭра-ахәышҭаарамца роуп. Ари машәырны иҟамлаӡеит. Уааԥсырала аиҵыҵра ауп аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи аӷьауӷьацареи зхьыԥшу иахьа, аԥхьаӡа иргыланы. Арепатриациа зда ԥсыхәа ыҟам ауп. Уи инаваргыланы, ҳаира еиҳахароуп ҳаԥсра аҵкьыс. Аҭаацәара аԥызҵо рхыԥхьаӡара кырынтә еиҳахароуп азаҵәра зхы анызшьало раҵкьыс. Сынтәа, Жана Ачба ииубилеи шықәса ҳҭоуп аҟынтә, ҩаԥхьа ҳазхьаԥшып ирҿиара. Ашәаҳәаҩ исатира цҳафыр изавсуамызт рыҩны-рыдәны ыҟаны баша зҽызражәуаз ахацәа. Ҭауади-аамсҭеи ирхылҵшьҭраз иуак изы абас иҳәахьан: "Абажәҵәҟьа ахькажьу қапихәаш арҳауеит, уара аӡәгьы думырҳаит". Игәыԥжәагоу аҽԥныҳәа. Аҳәызба аҭыԥ еималоит, ажәа аҭыԥ еималом ҳәа, абас дахьыҟаз азы акәын аҭауадцәа иашәа ԥырҵәарц изашьҭаз. Алашә рыцҳа ишьраҵәҟьа рхы ирзаҭәашьомызт, аха аамҭала Аԥсны далганы дырҵәаххьан иашьцәа. Зегь акоуп, ибжьы рзымхәаҽит, анхаҩыжәлар бзиа деицырбон Жана, аиашақәа ахьиҳәоз азы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа