Содержимое
Иахьа 115 шықәса ҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Иасон Ҷоҷуа диижьҭеи (1911 - 1999). Аԥсуа театр аҭоурых аҟны зышьҭамҭа лашаӡа инхаз актиор, адраматург, аиҭагаҩ. Иԥсҭазаара зегьы атеатр иадҳәалан, уи ашьақәгылара иалахәыз, акорифеицәа ҳәа ззырҳәо раԥхьаӡатәи абиԥарахь даҵанакуеит. Аԥсуа литература зааӡа иаҵагылаз ҳашәҟәыҩҩцәа аханатә адрама ажанр шгәыгәҭармыжьуазгьы (асцена збаз апиесақәа рыҩуан Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Ӡаӡ Дарсалиа), атеатр арепертуар наӡа шьақәгыларц азы иаҭахын адунеитә классика аԥҵамҭақәа рықәыргыларагьы. Абраҟа иааԥшит Иасон Ҷоҷуа илаз алитературатә баҩхатәра дуӡӡа. Актиорра инаваргыланы аиҭагара напы аиркит. Иааџьоушьаратәы исахьаркны, игәылыршәаӡаны еиҭеигеит Шекспир, Шиллер, Софокл уҳәа реиԥш иҟоу авторцәа ԥсра зқәым рырҿиамҭақәа. Аԥсуа хәаԥшҩы изы ахьхьаҳәа аԥсышәала ицәажәеит Отелло, Гамлет, Аҳ Едип, Медеиа, Мари Стиуарт рыхҭысқәа. Иасон Ҷоҷуа еҭеигон апрозагьы. Иара иџьабаа аҭыԥ ҷыда аанакылоит Аԥсуа театр иацызҳауаз ҳмилаҭтә драматургиа аҿиараҿы, алитературатә бызшәа алшарақәа реизҳараҿы. Иасон Ҷоҷуа Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаарагь далахәын, изныкымкәа Аҟәа ақалақьтә хеилак адепутатс далырххьан. Хашҭра иқәмыз аԥсуа культура амаҵ азызуаз, зааԥсара рацәоу, зыхьӡ ырӡтәым ауаҩы. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа