Содержимое
Аԥсуа бызшәа зааӡатәи анҵамҭақәа ҟазҵаз аныҟәаҩ, адгьылҭҵааҩ Евлиа Челеби диит абри аҽны 415 шықәса раԥхьа — хәажәкыра 25, 1611 шықәсазы. Диит Сҭампыл, Османаа раҳҭынра ахьи иҭаацәараҿы, иан даԥсыуан. Аҵара бзиаӡа иҵеит, дышқәыԥшыз ихы ааирԥшит, аҳәынҭқар игәрагара даԥсахартә. Абжьарышәышықәсазтәи адипломат, тәамҩахә змамыз аҭҵааҩы, ихаан адунеи азбжак дахысит, мрагылара, мраҭашәара ишьапы ахьықәымгылаз тәыла маҷуп. Убарҭ иныҟәарақәа ирылҵшәахеит 10-томкны иҟоу аҭоурыхтә усумҭа ду "Аныҟәарақәа рышәҟәы". Аԥсуаа-адыгаа рахь ҩынтә даахьан: зны 1641-1642 шш. рзы, нас даҽа 25 шықәса рышьҭахь — 1666-1667 шш. рзы. Ара даныҟазтәи ианҵамҭақәа иахьа уажәраанӡа хыҵхырҭа дуны иаанхоит кавказҭҵааразы, аԥсуаҭҵаараҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Челеби иаликааз Аԥсны аҳәаақәа Рҩан аӡиас инаркны Анапанӡа инаӡон, "Абаза тәыла ссир" ҳәа азиҳәеит ианшьцәа рыдгьыл. Аубыхцәагьы ашаԥсыӷцәагьы "абаза жәлар" ирылеиҵеит. Иара ихаан Аԥсны иқәынхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 600 нызқьҩык рҟынӡа ыҟан, аҳцәа рыжәлала иаирбон: Чач, Арлан, Цанда, Гьеч, Хамышь, Арыд, Шәача уҳәа убас 25 жәла рҟынӡа (зынӡа 70 еиланхарҭа). Челеби иазгәеиҭеит аҭырқәцәа Аԥсны агаҿоуп рнырра ахьыҟоу, ашьха рзымгаӡеит ҳәа — уахь инхоз аԥсуаа рхы иаԥшәыман, аӡәгьы иҳәатәы харҵомызт, "ампыҵахалаҩ дара рзы дыҟам, аҳаза ршәом, урылакьакьар руӡом, ишуабашьра рыҽҭыхны игылоуп". Арыдаа агаҿа ишынхозгьы, XVII ашәышықәсазы амсылманра рыдрымкылацызт, уи азы ишаҳаҭуп "аҳәақәа рааӡон" ҳәа иара иазгәеиҭо. Наҟ-наҟ асаӡқәа аҳәааӡара акәым, абынҳәақәагьы ықәырхуан "иҟьашьуп" ҳәа. Евлиа Челеби 40 шықәса дныҟәон. Ажәларқәа рынхашьа-нҵышьа, ркультура, рбызшәа дахцәажәон, уи моу ажәақәакгьы, ҳәоуқәакгьы аниҵон. Иахьазы идыру зегь реиҳа ижәытәу аԥсшәа анҵамҭақәа ҳзынзыжьыз иара иоуп, араб ҩырала ианиҵеит: уа иҟоуп аԥхьаӡара хьӡқәа, ажәақәа, афразақәа 40 рҟынӡа. Абызшәадырҩы Виачеслав Чрыгба ишиҳәо ала, Челеби ианиҵаз аҿырԥштәқәа асаӡ диалект иатәуп, иаабац аԥсшәа иеиԥшуп, уадаҩрада еилукаауеит. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа