Содержимое
🏔 1974 шықәсазы Очамчыра еиҿкааз ансамбль "Абрыскьыл" ахьӡхарц акәын — аԥхьа ус игәы иҭан Кәасҭа Ченгьелиа, аха ақырҭцәа ишырҟазшьаз еиԥш еицаркуа иалагон "Абрыскьыли" ҳәа. Уи аҟынтә, даахәыцын "Ерцахә" ахьӡиҵеит, усҟантәи аҩырала — Ерцаху. Ари узеицакуамызт, зегь рыла иаԥсыуатәны ишыҟаз инхеит. Кәасҭа Ченгьелиа злаф ҵарыз уаҩы лахҿыхын, илахь еиқәны аламала дубомызт, ари аҭоурыхгьы иара ихаҭа еиҭеиҳәахьаз иреиуоуп. *** Афырхаҵа Абрыскьыл даҽа хьӡыкгьы имазаарын аԥсуа фольклор аҟны — Ԥры́мца. Иаҳԥылеит Руслан Гәажәба еизигаз амифологиатә жәар аҿы. Даара исахьаркуп, аха уи адагьы, иҟалап, ашьаҭа акырӡа иҵаулазар. Адауы амца ицәгара асиужет Нарҭаа репос ауп изтәу, Сасрыҟәа идҳәалоуп аԥсуаа ҳҿы. Аха Абрыскьыл ихаҭа, ишдыру еиԥш, Прометеи дишьашәалоит, ауаа амца дзырбаз, ирызҭаз. Афольклористцәа ишырҳәо ала, абра иҟалеит аконтаминациа — асиужетқәа реилалара. Ԥрымца, Хьымца — ԥсыуа хьӡы бзиақәоуп, аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп, иаҳҳәап, арккаратә проект ҿыцк ахьӡ иашьҭоу дыҟазар, шәрызхәыц🔥 #ахьӡқәа Асахьа: нхыҵаа иртәуп 🧡Ахьыуардын шәақәтәа