Содержимое
Ирҳәоит, ахәыҷы даныԥшқоу инацәкьарақәа шаҟа иурҵәуа аҟара ирласны ацәажәара далагоит, ашьҭыбжьқәа цқьаны ихылҵуеит ҳәа. Анацәкьарақәеи ажәаҳәа ашьақәгылара иахылаԥшуа ахшыҩ-хәҭеи еидҳәалоуп. Ари зыршаҳаҭуа аҭҵаарақәа маҷымкәа имҩаԥыргахьеит ҳаамҭазы. Зегьы иреиӷьуп анапыхәмарра иацуҳәо ажәеинраала аныҟоу (пальчиковая гимнастика + стишки, потешки). Ашәышықәсақәа раԥхьа ауаа ргәаҟәышреи рԥышәеи ирыҵанаҳәахьан уи. Ҳарҭ аԥсуаагьы иҳамоуп убас еиԥш ажәлар иаԥырҵаз, ааӡара иахәҭаку ахәмаррақәа ахәыҷӡақәа рзы — анацәахарҟәалареи анапсыргәыҵа ахәареи зцу. Ара иаҭахӡам аҩра-аԥара, уи аҟынтә ан иналымданы анду лмоҭацәа анылбоз, ргәы злалырҿыхоз, излалыжьжьоз иреиуан. Нас ахәыҷқәа ишьҭыркаауан, дара рхалагьы ихәмаруан. 🔵"Ҵиҵи-кәакәа"; 🔵"Арица-цамица"; 🔵"Ара иааин, иаасмышьҭит"; 🔵"Ра-ҟәыба – ра-ҟәшәа"; 🔵"Ҳәаса-какал" Арҭ ахәмаррақәа дрыхцәажәеит, ирыцырҳәоз ажәақәа анылҵеит аԥсуа хәыҷтәы фольклор аҭҵааҩы, ахәыҷтәы поет Римма Ҳашԥҳа. Уи лышәҟәаҿы иаалгоит еиуеиԥшым авариантқәа, уи моу ҳаешьаратә жәларқәа ишрымоу иаҿлырԥшуеит (Абхазский детский фольклор, 1980). Ахәыҷтәы фольклор атекстқәа уԥылоит иара убас апоет Анатоли Ԥкьын иеизга "Ихьӡырҳәагоу ашәақәа" аҟны (1990 ш). Иан ачамгәыр ианҵаны илҳәақәоз роуп реиҳарак. Ахәмарра "Ҳәаса-какал" аԥхьаӡашьа унарҵоит. Ҩыџьа, ма гәыԥҩык хәмаруеит. Ахәыҷқәа шаҟа рзыԥхьаӡо аҟара какал шьҭарҵоит, аӡәы иҭаҷкәым аҿы шаҟа ику егьырҭ ирдырроуп. "Ҳәаса-какал", — иҳәоит, "Ҩба-какал, хԥа-какал..." — аҭак ҟарҵоит ицхәмаруа. Аԥхьа ииашаны изҳәаз иахь ииасуеит ҳәаса-какал. Зтәы нҵәо даҵахоит. Ахәыҷтәы жәеинраала ссирқәа зыҩуаз апоет Рушьбеи Смыр ирҿиараҿы иҟоуп "Ҳәаса-какал" иахҳәаау, ашәеиԥш еихышәшәо автортә лирика: Амра ҭаца ԥхашьа-ԥхаҵа, Аԥша кәаша ԥхьаӡа-ԥхьаӡа: Ԥҳәаса акака — ԥшьба акака, Ԥҳәаса акака — быжьба акака. Ԥҳәаса махәқәа неихьыс-ааихьыс, Ԥҳәаса махәқәа неилыс-ааилыс: Ԥҳәаса акака — акы акака, Ԥҳәаса акака — разҟы акака. Уа акымзарак саԥгылаӡом, Саԥгыларгьы исзынкылаӡом. Кака-кака — ԥҳәаса акака, Са сацкәашоит аԥша агага. ...Ԥҳәаса акака... (Иҩымҭақәа реизга, 3-тәи атом, ад. 24) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа