Содержимое
"Адыга уеи-уеи!" абантәаауеи? "Уеи-уеи" — ари ааԥхьаратә, агәышьҭыхратә ҵакы змоу ажәытәӡатәи арратә бжьыҭҟьоуп (боевой клич), адыга бызшәала. Аԥсуаа ҳҿы "Ааит!", "Аҳаҳаи!", "Шәах, амарџьа!", "Шәнеибац!" ирышьашәалоит, аидгылареи агәымшәареи уднаҵоит. Аибашьрақәа раан, ианжәылашаз, ашьхарыуаа абжьыцәгьақәа ҭырцон, иаҵаҳәҳәаны ахыкәалаа еиԥш аӷа игәыдлон. Дара убаанӡагьы рыбжьы ануаҳа, угәы ҭнарԥсаауан, рыбжьгьы абџьарын. Абри атәы азгәарҭахьан Кавказтәи аибашьра шаҳаҭс иамаз аӡәырҩы. Ҳаамҭазы ари ааԥхьара аҿыц ԥсҭазаара аиуит уҳәар ауеит 1998 шықәса инаркны. Усҟан Иорданиантәи амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа ҽыла рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ианыхынҳәуаз "иааргеит". Рыҽқәа зҭаз аидара-машьынагьы ианын адҩыларас. Анаԥшцәа рзы англыз бызшәала ахьышьҭра ақәлара аҵакы аман (way — "амҩа"). Ари ааԥхьара адунеи иалаԥсоу адиаспорақәа ишьҭырхит, Кавказ нхыҵ-аахыҵ ҩаԥхьа ирылаҵәеит, ашьа арцәажәеит, ажәытә арҿыхеит, Аԥснынӡагьы иааит. Уи моу, иахьа аҿар ҳара ҳтәқәагьы, азыхәцәагьы "аԥсуа-абаза-адыга уеи-уеи" ҳәа еидкыланы ирҳәоит, ҳаиашьара иатәны, ҳзеиԥш фырхаҵаратә ҭоурых иатәны. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа