Содержимое
АЛАБАШЬА Омар Беигәа Ҭырқәтәылантә Даан дыҟан Аԥсны, Ҷыҷыкәа Џьонуа уи дзиԥымлартә Дышьҭан игәы бааԥсны. Дышьҭан, аха дыҟан дцәажәартә, Дгәырӷьа-хәмарыртә, игәы ԥшаартә, Асас дахь уи ԥсыс дихалартә, Ибла хаарақәа иԥшаартә. Асас дахьгьы днеиит гәыла, Ԥсыла изааигәаз иҩны. Зымҩа дынхахуазма гәылак, Зегь уа игәырӷьауан аҽны. Еицәажәон нас урҭ гәыблыла, Иаунҵәахуаз рҳәатәы, Аԥсуаа ражәа, рашәа еинҭәыла, Аԥхӡы азказҭәоз рҳәатәы. Ишеизгәыкуаз ргәырӷьа хыҵуа, Рыжәҩангәашәԥхьара — раамҭа ԥрит. Аԥшәма исас даниԥырҵуаз, Аԥсуа лабашьа ииркит. Абраҟа инҵәон сажәеинраала, Аха агәырӷьа намӡеит — Уи ауха ԥхыӡ хаак дшалаз, Ҷыҷыкәа уаҳа дмааԥшӡеит... ...Дцон Ҭырқәтәылаҟа Омаргьы, Илабашьа хьанҭа кны. Уи днаскьазгауаз аџьаргьы Еизеит. Дгылан рыгәҭаны. Аиԥырҵра есқьынгьы ихьаауп, Аха аԥсадгьыл ныжьны ицо Апоет ихаҭа дхьаауп, Ихәра ахаан иӷьаӡом. Омар иқәыӷәӷәон еидарак, Иԥышьҵыргәан илаба. Цас иуазшәа хаҵа нагак Дҵааит: — Иузҭада улаба? Апоет ицәа дҭаӡыӡеит, Ицеит иажәа неиҿаба. Алабашьа аҭыӡшәа измырзеит, Илаӷырӡқәа аниҿаҭәа. Борис Гәыргәлиа, 1975 Асахьаҿы: Омар Беигәаа (Диижьҭеи сынтәа 125 шықәса ҵуеит) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа