Содержимое
Аҳ иеимсқәа ишьырхуеит — аҭаацәа еибаргәырӷьоит. Ари цуфароуп; аџьма, ма ауаса аныршьуа аанагоит. Аимсы ашьхра "ашьтәа ацәа ахыхра" иадкыланы иҳәоуп араҟа, аҭаацәа зыргәырӷьогьы уи ауп, аха баша еиҿырԥшрак аҿы иҟаӡам. Иахьа аимсы ахьаҳбо еиҳарак акәашацәа рҿоуп, асценатә костиум иахәҭакны, арԥшӡага ҟазшьа аманы. Ажәытә аимсы ауасахәы хаханы иалырхуан, шьапырԥхагас иҟан, ахацәа ирышьарҵон. Усҟан аимсы зшьазҵоз ҭауади-аамсҭеи ракәын, анхацәа ирышьарҵар руамызт, акала иреиԥшхаз "дҳацлабуама" ҳәа дахьдырхәуан. Аҳ иеимсы, ишәҵатәқәеи ихаҵатәқәеи зегь реиԥш, иара дӡырнаго, ххьала / сырмала ирхианы, аҿаҳәагақәеи аҵдақәеи аманы, ишьапы инадшәыло иӡахын, далаҽырбон. Аимсы аԥсаса рцәа иахьеиԥшу азы, иара зшьазҵалоз аҳ ихҳәааны аԥсуаа иаԥырҵеит ацуфара: "Аҳ иеимсы ишьихуан, иҭаацәа гәырӷьон". Ари аварианти аилыркаарақәеи аниҵеит абызшәаҭҵааҩы, адиалектолог Артиом Ахсалба ишәҟәаҿы (Иахьатәи абжьыуатәи адиалект абызшәатә ҭагылазаашьа, Аҟәа, 2018) Абас аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы еиқәхоит ҳабзазара иалҵхьоу амаҭәарқәеи дара аазырԥшуа ажәақәеи. Асахьаҿы: аимсқәа ҩ-хкык(ноговицы) 🧡Ахьыуардын шәақәтәа