Содержимое
Аԥсуара зҽаԥсазтәыз арҵаҩы – абас изырҳәеит Ҷыҷыкәа Хьиба, згәалашәара ҿымцәаауа Баслахәтәи абжьаратә школ адиректор, изызҳауа аҿар рааӡараҿы абаҩхатәра ду злаз. Диижьҭеи иахьа 105 шықәса ҵуеит (1921 - 2000). Ҷыҷыкәа Хьиба рҵаҩцәас иман, дагьгәарҭеит еицырдыруа аԥсуа рккаҩцәа Елызбар Кәабахьиа, Платон Шьаҟрыл, Симон Басариа. Аҟәатәи арҵаҩратә институт далгеит 1941 шықәсазы, Қарҭ арратә ҵараиурҭа 1942 шықәсазы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын. Санчара акаҵәараҿы ахәра ӷәӷәа иоуит, иҩныҟа дхынҳәит. 1946 инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз Баслахәтәи ашкол аҟны аус иуан аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, 40 шықәса инарзынаԥшуа – директорс. Ахатәы бызшәа азнагара аметодика дацхрааит. Иаԥшьгарала ашкол аҟны анапылаҩыратә журнал ҭыҵуан аԥсшәа агәыбылра ашьҭкаара иазкны. Баслахәтәи ашкол агәараҭаҿы иара ибзоурала ашьаҭа кын зеиԥш ҽаџьара иҟам аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рбаҳча. Аҵлақәа реиҳарак ашәҟәыҩҩцәа рнапала еиҭарҳаз роуп. Ашколхәыҷқәеи дареи ашәҟәқәа рыбжьан, альбом ҭыҵуан, алитературатә еиԥыларақәа мҩаԥысуан. Баслахәтәи ашкол иҿырԥшыгоу қыҭа школны ахьӡ геит, уи иамаз абиблиотека уааилаҳартә ибеиан. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Баслахә ахаҿра еицакит, ашкол аахақәа аиуит. Аха аиааира ашьҭахь мызкгьы мҵыцкәа, излауаз ала ишьақәыргыланы, аҵарашықәс хацыркын. Арҵаҩцәа ҭаацәарак еиԥш еилаҵәаны, хҭак еицҭадыршәуа аилибакаара рыбжьан. Ҷыҷыкәа Хьиба иԥышәеи идырреи рыцеиҩишон иҵагылоз аҿар. 1999 шықәсазы ианаршьеит Аԥсуара зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. 2000 шықәса раахыс Баслахәтәи ашкол иара ихьӡ ахуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа