TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #2083

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры172Количество просмотров
Опубликован8 мая08.05.2026, 14:31
Содержимое поста

Содержимое

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын Аԥснынтә 55,5 нызқьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны рыҩныҟақәа изымхынҳәит. Уи зеиԥш хыԥхьаӡарақәоуп, аха қыҭала уахәаԥшыр, иҟоуп ицаз реиҳараҩык зыԥхаз аԥсуа қыҭақәа. Убарҭ иреиуоуп Арасаӡыхь. Хәыҷы-дула еиҵаҩҩы иҟаз ари ашьха қыҭа иалҵны афронт ахь ицеит 180-ҩык, рыҩныҟа изымааит 107-ҩык аибашьцәа — ахацәа, аҿар, зшьеи-зыхши еилаҭәоз адауаԥшьқәа. Аԥсыгәырҩа аҵкьыс абзагәырҩа шырҳәо еиԥш, абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи рымацара ирхаанхеит ақыҭа, анхамҩа азҵаарақәа зегьы рҟәаҟәа иқәҳаит. Аҭаҳмадацәа ҳаԥсыр, ҳаржып ҳәы изықәгәыӷуаз рыҵәҩаншьапқәа абџьар кны аибашьра амца иалагылан. Аха аԥсуаа агәкаҳара ҟарымҵеит, аӡә ишьҭахь имгылеит. Аҷкәынцәа хамеигӡарыла азеиԥш ԥсадгьыл рыхьчон, рышьҭахьҟа — хамеигӡарыла акрызуаз ажәлар баагәараны игылан. Ҳрыԥхьап ашәҟәыҩҩы, алитературатә критик Руслан Қапба игәалашәарақәа, аибашьра аналагоз дхәыҷын, ашкол дҭан. Арасаӡыхь, 1941-42 шш.: "Кавказ ашьхақәа рҿы аибашьра анцоз акәын. Адыдбжьы еиԥш акәын зны-зынла Арасаӡыхьынӡагьы ахысбыжьқәа шааҩуаз. Аусҳәарҭа ашҭаҿы игылаз ахәырмаҵла амҵан аизара мҩаԥигон араиком аҟынтә иааз ауаҩы. Уаҟа ашколхәыҷқәагьы ҳаизыргоит. Абри аизараҿы ицәажәаз рацәаҩуп, аха урҭ зегьы ирҳәаз сгәалашәом, амала иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит ицәажәара, ихаҭагьы саԥхьа дгылоушәа збоит Ҭаскәач-иԥа Дигәа Дочиа. Ажәлар даарылҵит зықәрахь инеихьаз, иӡышӡа ишлахьаз, зоура-зыҭбаара наӡааӡаз уи. Еизаз ажәлар рыгәҭа данааи, Дигәа даангылан, иикыз илабашьа аҽыҩҳәа инаирсын, ихаз икәмызцәа хылԥа (уи ӡынгьы-ԥхынгьы иныҟәигон) ааихыхны илабашьа ахы инадикылан, ацәажәара далагеит, ибжьы аҿаца-ҿацаҳәа игоз аусҳәарҭа ашҭа иҭыҵны хара инеиҩуан. — Дад, ҳажәлар, арасаӡыхьаа шәхаҵкы, иааиз ҳасасгьы ииҳәаз шәаҳаит, ҳаԥсадгьыл ду СССР иақәлаз ҳаӷа абарҭ ҳашьхақәа рҟынӡагьы дааӡеит, ишыжәбо, ашәарҭара ҳҭагылоуп. Аха сара агәра нагӡаны изгоит арҭ иԥшьоу ҳашьхақәа уи афашист, ихьӡуи мшәа, Гитлер аума, хәымга дшызхымҵуа, уи руам ҳтәыла ду аҵеицәа абџьар кны иҿагылоу, уи руам дара аҽарҳақәа реиԥш иаҳхагылоу, еснагь ацәгьа ҳацәызыхьчо, зылԥха ҳауша ҳашьхақәа! Ҳара амч ҳарҭоит. Уи агәра згоит сара, Нарҭаа дуқәеи Абрыскьыли рдоуҳа! Иара убас ҳара иҳацхраауеит ҳқыҭа иахчынганы ҳашьхақәа ркалҭ, урҭ ирыҵганы игоу ана-ара ҳхәы ҳаракырақәа рҿы игылоу абаа хыҽҽарақәагьы. Дад, ажәлар, шәхаҵкы, ажәа шәасыршьыр сҭахым, иҟоу аҭагылазаашьа зегьы ижәбоит, ҳара абра инхаз ахахә-мыхәгьы ҳхы ҳаигӡом, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, афронт ҳацхраауеит, иҳаду аказы ҳхьаҵуам. Уимоу, ианаҭахха, абри ижәбо сара ауаҩ бырг, сԥацәа уахь афронтахь ишыҟоугьы, рхабарк шаҳзымдыруагьы, абџьар скуеит, абарҭ ҳашьхақәа зыхьчо аибашьцәа снарывагылоит, насгьы арҭ ҳашьхақәа рцәаҩеи урҭ ирҿыгоу амҩахәасҭақәеи саҟара издыруада! Дад, ҳасас, ҳаиҳабы ухаҵкы, ҳарҭ арасаӡыхьаа ҳҵеицәа зегьы абџьар ркуп, иеибашьуеит, ҳдырԥхашьом, ҳаԥсадгьыл ду зхы ақәызҵахьоугьы маҷыҩӡам, аха ианаҭахха, абра иубо зегьы (ахәыҷқәеи алымшақәеи рыда) абџьар ҳкуеит, ҳақәызхырц иаауа аӷа хәымга ҳаиҿагылоит, — иҳәан илабашьа дҩахан анышә иааҵихын, ихылԥа наихаҵа, днеины иҭыԥ аҿы днатәеит. Араиком аҟынтә иаазгьы, еилақь итәаз ажәларгьы иӡыӷә-ӡыӷәӡа иӡырҩуан. "Уажәымҭа шкәакәахааит, дад, уара иуҳәаз ауп ҳаргьы иаҳҳәауа, ҳгәаанагарақәа акоуп", — ҳәа аӷыу аилдыргеит изыӡырҩуаз зегьы. Анаџьалбеит, заҟа ҵуазеи уи аахыс, ихаҭагьы адунеи иԥсахижьҭеи ашықәсқәа рацәаны ицахьеит, ҳдырԥхашьом ҳәа дызҿыз арасаӡыхьаа рҵеицәа аӡәырҩы реиԥш, изыхнымҳәит Ҭаскәач-иԥа Дигәа Дочиа иԥацәа Кака, Ҭандел. Аха иацы акәушәа исгәалашәоит Аԥсны ахьӡи ахьымӡӷи ԥсҭазаарак еиԥш изыԥхьаӡоз аԥсуа хаҵа ихаҿсахьа". Ахыҵхырҭа: Руслан Қапба. Хәыхәыт Бӷажәба, 2005, ад. 11-12. Асахьаҿы: Арасаӡыхь 🧡Ахьыуардын шәақәтәа