Содержимое
Басла аӡиас иху Ацҳа ҟаԥшь сынтәа 75 шықәса ахыҵуеит. Аҟәа ақалақь аҩ-хәҭак еидызҳәало ари ацҳа ԥшӡа аартын Аиааира ду амш аҽны — маи 9, 1951 шықәсазы. Иахьазы уаҩы иааџьеишьартә акагьы иалаҟамзаргьы, усҟантәи аамҭазы илаламбатәын, ауаа ааны иахәаԥшуан. Иара рчаԥеит аамҭа дук иадымхалакәа, аиҳабыра рыдҵа инақәыршәаны, амашьынақәа рныҟәареи ауааԥсыра реиҭанеиааиреи арманшәаларазы. Ашьаҟауаа рымҩақәа алырдеит, амардуанқәа арҭеит, ацҳа улалбааны ақалақь уалалартә. Аҟәа аԥшаҳәа иангылаз алашарбага шьаҟақәа рҩызцәаҵәҟьа араҟагьы иахадыргылеит. Абагьырқәа ҟаԥшьыла иршәит. Аха "Ацҳа ҟаԥшь" ахьӡ иихьан уи аԥхьагьы. Уи зыхҟьаз ара ихыз ажәытә еихатәы цҳа хәыҷы ауп — уи ашәыга аԥшшәы ахабацыԥхьаӡа ицәыҟаԥшьхон. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага Ацҳа ҟаԥшь аҿы даанкылан аӷа, ара имҩаԥысит раԥхьатәи аидыслара ӷәӷәа, ара иааԥшит аԥсуаа рфырхаҵара. Абра иҟарҵон раԥхьатәи адҵақәа Сергеи Дбар, Владимир Аршба, Гиви Агрба, Мушьни Хәарцкьиа... Ацҳа ҟаԥшь — ҳаамҭазтәи Аҟәа ахаҿра зырԥшӡо, уи аҭоурых иахәҭаку архитектуратә баҟақәа ируакуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа