Содержимое
Агәил афҩы аныхааха имҩасуеит. (Если роза стала благоухать, значит, она начала увядать) Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ражәаԥҟақәа иргәылҳаԥшааит аҭҵаарадырратә ҵаҵӷәы змоу абри аҳәамҭа. Зегь реиҳа зыфҩы лаҳалаҳуа ашәҭқәеи, зегь раасҭа зыфҩы хаау адухьқәеи аканӡара-аҩара аҟәыншәы рхызаап: агәил, аџьыԥ (жасмин), алилашәҭ (сирень), аҟәышәҭын(нарцисс), аббыцркрала зшәыр ҿало аҵла рышәҭқәа, уҳәа егьырҭгьы. Ахьычԥаԥырқәеи ашьхыцқәеи ираҳауеит амҩасра-ахбалара анналагоҵәҟьа, инеины иақәтәоит, ауаҩгьы гәынхәҵысҭала еиликаауеит, цәаҩала иныруеит, игәы иақәшәоит. Апарфиумерцәа аԥсабара абри амаӡа аҵырдраан, еиуеиԥшым акомпозициақәа реиқәыршәараан аҳаҳаира ҳәа рхы иадырхәоит. Уазхәыцыр, ҭагалан зегь – хбалароуп, аха шаҟа иԥшӡоузеи, аԥсҭазаара ахаҭа иузнымкыло мҩасроуп, инаскьацыԥхьаӡагьы ихаахондаз, шьыри! 🌞