Содержимое
Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа шәҩык инарзынаԥшуа рҽеидкыланы Аԥсны иааны иҟоуп, еицаҳзеиԥшу уаҵәтәи аныҳәа ду рҽаладырхәырц. Ҳара ҳлыҿцәажәеит зашьцәа ирыцааз, Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кәаӡба иан Ԥериҳан Қапԥҳа. Ведаҭ аибашьра анеилгалак Аԥсны даанхарц игәы иҭан, ажәа зниҵахьаз аӡӷабгьы дыҟан, аха илахь иангәышьамызт. Дҭахеит 1992 шықәса, абҵара 29 рзы Кәачара ахақәиҭтәраан, (Баҳадыр Абаӷба ахәрақәа аниоуаз ивыршьааз иҩыза иара иакәын). Аамҭа иазмыртато ахьаа лымоуп ан, лцәажәара гәыҿкаагоуп, аха Анцәа иџьшьарала, иҟоуп дызхәаԥшуа лԥеи лыԥҳаи, уи лыхшареи. Абызшәа аганахьала лзыӡырҩра агәахәа унаҭоит. "Ара сахьыҟоугьы мышкахьы ҩынтә-хынтә слыԥшаауеит" лҳәоит аԥҳа лзы (= ҩынтә-хынтә аҭел дысзасуеит 📱) Ирацәоуп иҵегь убас иалаԥсоу ажәа еимхәыц-бырлашқәа. Шәазыӡырҩырц шәылшоит абра>> 🧡Ахьыуардын шәақәтәа