TGTGInsightаналитика telegramLIVE / telegram public index
← Ахьыуардын
Ахьыуардын avatar

TGINSIGHT POST

Post #867

@apsua_sputnik

Ахьыуардын

Просмотры482Количество просмотров
Опубликован1 окт.01.10.2023, 09:42
Содержимое поста

Содержимое

Аԥсны Афырхаҵа, аедыгьаа рҵеи лаша Адам Хәаде иахьа 66 шықәса ихыҵуазаарын. Адам Хәаде Кавказ жәларқәа рконфедерациа далан, Адыга Хаса аиҿкаара аусқәа дрылахәын. Аԥсны аибашьра шалагаз аниаҳа аухаҵәҟьа ддәықәлан, дааны ибеит иҟаз шыҟаз. Нанҳәа 17 рзы Маиҟәаԥ аизара имҩаԥысуаз иҽахьигӡеит. Иқәгылара хамшҭыхәуп: "Сара сышиашоу Аԥснынтә саауеит, сылала избеит ҳашьцәа зҭагылоу арыцҳара ду, рықәхра иаҿуп. Уаҵәы ихьшәахар ҟалоит, уажәыҵәҟьа ҳҵысыроуп. Аԥсуаа аныршьуаз шәа шәабаҟаз ҳәа иҳазҵаар, ираҳҳәои? Аедыгь ԥҳәыс илыхшаз уҟазар, усывагыл!" Абасала шәҩыла иҩызцәа ихьырԥшны дааит арԥыс-хаҵа. Нанҳәамза аҩбатәи азбжазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гәымсҭа ҳхырӷәӷәарҭа цәаҳәа ԥжәаны Гәдоуҭаҟа ижәыларц ргәы иҭан, ирԥырхагатәын. Амза 25-26 ауха Аԥсны ахьчацәа "Учхоз" иҟаз аӷа иштаб иақәлеит. Агәыԥ 54-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылан, 16-ҩык — хатә гәаԥхарала иааз аедыгьаа ракәын. Уи ауха ақәа кыдҵәаны иауан, Адам уара уажәтәиала уаангыл ҳәа иарҳәеит, иара иблабара иагын, арахь иагьҵәырлашьцан. Аха уаҩы дизаанкыло дыҟамызт. Афон ҿыц инаркны Ешыра инаӡаанӡа азахә уазашәақәа иҳәон, нас дагьныҳәеит абас: "О, Аллаҳ, уаха аӡәыр дҭахараны дыҟазар, сара сакәхааит!" ҳәа. Адиверсиатә операциа ахықәкы наӡеит, аӷа ибеит ус мариала Гәымсҭа дышзахымсуаз. Адам Хәаде иԥсы ҭаны дзымхынҳәит, иоуз ахәра дахыԥсааит. "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ихьӡ зну ашәҟәи адыргеи 80 шықәса ирҭагылаз иан лнапаҿы илдыркит. Ахыҵхырҭа: Лили Хагба "Их души тают над горами" 🧡Ахьыуардын шәақәтәа