Содержимое
Ԥшькьаҿ-иԥа Манчеи Баалоу-ԥҳа Мадинеи ирыхҳәаау аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ҳәамҭаҿы Мадина лхаҵа имаҭәа лышәҵаны, иабџьар лҟәынҵаны, иҽеиқәа ццышә дақәтәаны, аԥсуаа аԥсҭыр иахьрабашьуаз Ҳагәа́шә адәаҿы днеины аиааира длыргоит. Ҳагәашә (букв.: каменные ворота) – иҟаҵәҟьоу топонимуп, Гагра араион иахьаҵанакуа ҩыџьара иаҳԥылоит. Валери Кәарҷиа ишәҟәаҿы иаирбоит аҩбагьы: 1. Хышәҳа ақыҭа иатәу ҭыԥхьӡуп (Аҽмарда аҳабла иавоуп); 2. Ҽыжәҵырхәи Арбаикеи рыбжьара иҟоу ашьхаҭыԥгьы ус ахьӡуп. Асахьаркыратә литератураҿы иаабоит Даур Занҭариа иажәабжьоу "Чу Иақәыԥ иуахҭа" аҟны. Асаӡқәа рыдгьыл ахьалагоз, ирыхьчоз ҳәаак аҳасабала: "Аԥсҭыр ааиуан, Ҳагәашә ԥжәаны асаӡқәа рыԥсҭа иҭаларц. Агәахәуаа (аубыхқәа) аизара ду ҟарҵан, асаӡқәа рыцхырааразы жәанызқьҩык ар дәықәрҵарц азырыӡбит. Зықьҩы рыхцәа рыхьӡқәа ахьырҳәоз, Чу Иақәыԥгьы ихьӡ алан. Усҟан ихыҵуан иара ҩажәи быжьба шықәса". 📸Мамзышьха© Игор Левкович 🧡Ахьыуардын шәақәтәа