Содержимое
🍇"Нар улбааит!" Ажәытәра ацәа зыҟәну аԥсышәаҳәароуп, аҵла иқәу, ашәыр зҭаауа абас иарҳәоит. Еиҳарак ажьҭаара иадҳәаланоуп ишырҳәо. Нар — ажьҭаара, аҩҭаҭәара иахылаԥшуа нцәахәуп ҳәа даадыруеит, аха иџьоушьаша, иара изку шамахамзар акагь анҵаӡам (иԥшра-исахьа, иҟазшьақәа зеиԥшроу, ихьӡала иныҳәозу уҳәа). Аӡахәааӡара атрадициақәа ӷәӷәаны излаҳамоу ала, иӡбахәала иҵегь дыррақәак еиқәхар акәын ҳәа агәаанагара цәырҵуеит. Убри аҟынтә... Издыруада, араҟа иҳамоу "Мар улбааит!" акәзар? "Мар" — аԥсышәоуп, анапы (амапы) иадҳәалоуп, иаҳԥылоит егьырҭ ижәытәу аԥсшәаҳәашьақәа рҟынгьы: "Мар умоуп!" ма "Аура уқәуп!" ҳәа иарҳәон уардынла иаауа (Да сопутствует тебе урожай); "Мар умоуп!" ҳәа иарҳәоит ацха зыԥшуа; "Мар умоуп!" ҳәа еибырҳәоит аҩызцәа-ақәлацәа (Да умножится твой очаг!); "Марҳәара сааит" / "Абыцаҟь ҳәа сааит" асырҭы иаҿатәоу илзырхан (Легкой руки тебе! — благопожелание прядильщице). Ари алогикала ҳцозар, ажь зҭаауагьы "Мар улбааит!" ҳәа зиарҳәоз еилкаауп, зеиӷьшьароуп (Да благополучно тебе спуститься на землю, с хорошим урожаем). Ажь злауҭаауа напылоуп, амца узлаҵхо напылоуп, ацха злауԥшуагьы убас. Ацыбжьыҟа -м ишнеиуаз -н ахь ииасыр ауан, уи уамашәа ибатәым, лассы-лассы имҩаԥысло процессуп, еиҳарак бзыԥтәи адиалект аҿы: ахьамҭа / ахьанҭа, агәамҵра / агәанҵра, аҟамчы / аҟанчы уҳәа. Нар ҳәа ахаҵа хьӡы ыҟоуп, аха ари аԥсшәаҳәашьа аконструкциа злаҟоу ала, даҽа хьӡык ала иуԥсахыр, иаҳәо узеилкааӡом. Иаагозар, "Шьашәы урысасуп" аҟны Шьашәы ахаҭыԥан иарбанзаалак даҽа хьӡык-жәлак ҳгаргьы ауеит, асинтаксис иалнаршоит. * Аԥсны аӡахәааӡара ашьапы ахьакыз аҭыԥқәа иреиуоуп, археологиатә ԥшаахқәа ишьақәдырӷәӷәоит уи. Уимоу, ажәа -аҩы аԥсшәаҟынтә егьырҭ абызшәақәа ишьҭыркаазар алшоит ҳәа зыԥхьаӡо аԥхьаҩцәа ҳамоуп. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа