Содержимое
Аҵара-ааӡара аус иазааԥсо зегьы Арҵаҩы имш шәыдаҳныҳәалоит! 👩🏫💐 Имариам, аха зегь раасҭа ихәарҭоу, акрызҵазкуа азанааҭ алышәхит. Арҵаҩы ихаҭара, иуаҩра, идырра ахьынӡаҳараку аҟара аҳәынҭқарра ԥхьаҟа ицоит. Ус иҟан шәышықәса раԥхьа, ажәлар рырҵаҩцәа арккара аус ианаҿыз, ус иҟоуп иахьагьы. Ҳара иҳамоуп шәҩыла арҵаҩцәа хазынақәа, абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу, ламысцқьала, гәыкалаҵәҟьа зус иазнеиуа (уи еснагь иубарҭоуп), убас аҿар бзиагьы. Шәџьабаазы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәабзиареи агәыхәтәыхьӡареи шәзеиӷьаҳшьоит, шәзыргәырӷьо рацәазааит! Арҵаҩы иаҳаҭыр, ихьӡ анаӡарак илаҳмырҟәыроуп. Уи азын иреиӷьӡоу аушьҭымҭацәа ракәзароуп ашкол ахь инеилаша: зус ала згәы былуа, зегь рыла иҿырԥшыгоу, ахәыҷы баҩхатәрас илоу зызгәаҭо, деиззырҳауа. Абри ԥҟараны иҟалар, ҳауадаҩрақәа ԥыҭк рхала иамҵуан. 🧡Ахьыуардын шәақәтәа